Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААР ахада: иаԥҵахоит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рылацәажәаразы акомиссиа

© Sputnik / Томас Тхайцук Инал Ардзинба
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иҳәеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рылацәажәаразы акомиссиа шаԥҵахо.
Хәажәкыра 22 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы имҩаԥысит аусутә гәыԥ аилатәара, "Аԥсни Урыстәылеи рполитикатәи рекономикатәи еимадарақәа рырӷәӷәара" атемала. Аилатәара далахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Ҳазлацәажәоз азҵаара хадақәа иреиуоуп аԥсуа-аурыс ҳәаа ирмарианы ахысра аиҿкаара. Ари азҵаара акыр аҵанакуеит иахьатәи адунеижәларбжьартә ҭагылазаашьаан. Актуалра аҵоуп урыстәылатәи атәылауаа аҳәаа уадаҩрада иахысуа аҟаҵара. Уи адагьы иалацәажәан аҳаиртә баӷәаза аргылара азҵаара", - ҳәа иҳәеит Инал Арӡынба Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы имҩаԥысыз аусутә гәыԥ "Аԥсни Урыстәылеи рполитикатәи рекономикатәи еимадарақәа рырӷәӷәара" атемала аилатәара аихшьаалақәа ҟаҵо.
Глава МИД Абхазии встретился с Госсекретарем Союзного государства России и Белоруссии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Инал Арӡынба диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Амаӡаныҟәгаҩ хада
Иазгәаҭоуп мшаԥымзазы имҩаԥысраны ишыҟоу Аҳәынҭқарратә дума жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аилаки Аҳәынҭқарратә дума евразиатәи аинтеграциеи аџьынџьуаа рнырреи рзы Аилаки инарҭбаау реилатәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0