Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арҷелиаԥҳа Аԥсны аимҳәаду аҭагылазаашьа иазкны

Арҷелиаԥҳа Аԥсны атуберкулиоз азы аҭагылазаашьа иазкны
Анапаҵаҩра
Аимҳәаду аҿагылара амш азгәарҭоит иахьа адунеи аҿы. Ареспублика атерапевт хада Анжела Арчелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ҳтәылаҿы аҿкчымазара аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Аԥсны аимҳәаду азы аҭагылзаашьа хәыҷык еиӷьхеит, уажәазы 80-ҩык роуп аҽыхәшәтәра иахысуа, аха ашәҟы иҭагалоуп 110-ҩык.
"Арԥҳаи COVIDи еидҳәалаӡом, аха аимҳәаду змоу ачымазара зыхьыз ҳаман. COVID ҳхысит, аха аимҳәа ду зыхьуа рхыԥхьаӡара рацәахар ҟалоит. Убри аҟнытә COVID иӷәӷәаны изхызгаз ҳрызҿлымҳауп, игәаҳҭоит", - ҳәа лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Аҳақьым илҳәеит, шықәсык ахь знык иадымхаргьы ауаҩы аҳақьымцәа дырҭаан ихы гәаиҭар шахәҭоу, аҿкы имоу имаму аилкааразы. Ачарақәа, аԥсхәрақәа, атранспорт аҟны уҳәа ачымазара шьҭукаар ахьалшо аҭыԥқәа рацәоуп ҳәа азгәалҭеит Арҷелиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0