Урыстәылатәи апроцессор "Байкал-М" ала аус зуа аноутбук аԥҵоуп

CC0 / / Ноутбук
Ноутбук  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Шықәсык иназынаԥшуа аҵарауаа аус адыруылон раԥхьатәи урыстәылатәи аноутбук аверсиа.
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Омсктәи анџьнырцәа иаԥырҵеит аноутбук BITBLAZE Titan, урыстәылатәи апроцессор "Байкал-М" ала аус зуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арегионалтә еиҳабыра рыпресс-центр адыррақәа шьаҭас иганы.
Уажәазы акомпиутер хыԥхьаӡара рацәала аҭыжьра иазырхиоуп. Апроект автор Максим Копосов.

"Амодель BITBLAZE Titan аоперациатә система Linux Alt аверсиа ма Astra аверсиа ақәыргылахоит. Аҭыжьыҩцәа еиҳарак азхьаԥшра арҭон ашәарҭадареи аманшәалареи. Аноутбук акибержәыларақәеи адырра маӡақәа рыцәцареи излалшо ала ирцәыхьчоуп", - ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Омсктәи аобласт аиҳабыра рыпресс-центр адыррақәа шьаҭас иганы.

Шықәсык иназынаԥшуа аҵарауаа аус адыруылон раԥхьатәи урыстәылатәи аноутбук аверсиа BITBLAZE Titan. Урыстәылатәи ачип адагьы, абаҩыркыра, аплата, SSD-еизакырҭа. Архьшәашәага асистема зегь аҭыԥантәиқәоуп.
Аноутбук аинтернет амазаареи аофистә усқәа рыӡбареи ирзырхоуп. Уажәы анџьнырцәа иамоу агха-ԥхақәа рыриашара иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0