Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Инал Арӡынбеи Дмитри Пескови Жәларбжьаратәи аинформациатә политика иалацәажәеит

© Foto / Министерство Иностранных дел РАВ Администрации Президента РФ состоялась встреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Инала Ардзинба с Пресс-секретарем Президента РФ
В Администрации Президента РФ состоялась встреча Министра иностранных дел Республики Абхазия Инала Ардзинба с Пресс-секретарем Президента РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 25 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ, ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Пескови реиԥылара.
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Инал Арӡынбеи Дмитри Пескови Урыстәыла ахада Иусбарҭаҿ реиԥылараан жәларбжьаратәи аинформациатә политика иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аганқәа алацәажәеит Урыстәыла Аԥсны ианаҭар алшо аинформациатә саитқәеи асистемақәеи рмодернизациаз атехникатә цхыраара.

Иара убасгьы иалацәажәеит Аԥснытәи аҟазауаа Урыстәыла ахада ипресс-маҵзураҿы астажировка рахысреи Аԥсны жәларбжьаратәи аренаҿы ахԥша ашьҭыхразы аконсультациақәа рымҩаԥгареи рызҵаарақәа.
Инал Ардзинба и Мария Захарова обсудили план по активизации международной информационной политики Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Аԥсны
Арӡынбеи Захаровеи Аԥсны жәларбжьаратәи аинформполитика арӷәӷәаразы ауснаӡа иалацәажәеит
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Москваҟа дцеит хәажәкыра 22 рзы.
Хәажәкыра 22 рзы иара далахәын Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думаҿы имҩаԥысыз аусутә гәыԥ аилатәара, "Аԥсни Урыстәылеи рполитикатәи рекономикатәи еимадарақәа рырӷәӷәара" атемала.
Иара убасгьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба диԥылеит Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгылатә ҳәынҭқарра Амаӡаныҟәгаҩ хада Дмитри Мезенцев аҩаша хәажәкыра 22 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0