Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иԥсҭазаара далҵит ашәҟәы "Мрагыларатәи афронт" автор Дмитри Быҭәба

© Foto / Роланд ДжоджуаДмитрий Бутба
Дмитрий Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист, "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу Дмитри Быҭәба 71 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла.
Быҭәба аԥсышәалеи урысшәалеи асахьаркыратә аҭоурыхтә публицистикатәи ҩымҭақәа иҩуан. Авторс дамоуп ҩ-томкны иҭыҵыз "Мрагыларатәи афронт". Аԥсны Арбџьармчқәа Рмузеи ашьаҭаркыҩцәа дреиуан, 2008 шықәса раахыс директорс даман. Ианашьоуп амедалқәа "Агәымшәараз", "Аиааираз".
2009 шықәсазы Дмитри Быҭәба иҭижьит аԥсуа еибашьрақәа иркьаҿу рҭоурых ахҳәаа. Иара убасгьы иара инапы иҵижьит ашәҟәқәа: "Мрагыларатәи афронт ахроника" (1996), "Быҭәаа рыжәла аҭоурых" (2015), "Ажәабжьқәа" (2016), "Амра атыҩ ианаку. Аҭоурыхтә роман" (2018).
Дмитри Быҭәба диит Очамчыра араион, Аҭара ақыҭан жәабран 2, 1951 шықәсазы. ААУ даушьҭымҭоуп. Тҟәарчалтәи араионтә газеҭ "Тҟәарчал абжьы" (Голос Ткуарчала) редакторс даман, Ҷ.М. Џьонуа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №13 адиректорс дыҟан. 1970-тәи ашықәсқәа раахыс акьыԥхьра инапы алакуп. Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла далахәылан 1992 шықәса раахыс, 2018 шықәса раахыс - Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далахәылан.
Дмитри Быҭәба Аԥсны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәылан.
Ажәабжьқәа зегьы
0