Урыстәыла ахада асанкциақәа раамҭазы ахәшәқәа реикәыршаразы азакәан инапы аҵаиҩит

© Sputnik / Рамиль Ситдиков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСотрудница аптеки. Архивное фото.
Сотрудница аптеки. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы ахәшәқәа рзымхара ҟалар, аиҳабыра аӡбара рыдыркылар алшоит ирмариоу аԥҟарала аҳәаанырцәтәи ахәшәқәа атәыла ралагаларазы.
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин асанкциаамҭаз Урыстәыла аҵакыраҿы ахәшәқәа реикәыршаразы азакәан инапы аҵаиҩит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Аҳәынҭдума аиҳабы Виачеслав Володин иажәақәа рыла адокумент иалнаршоит атәыла аџьармыкьахь ихымԥадатәиу ахәшәқәа рцәыргара, хәшәыла ауаа реиқәыршәаразы асанкциақәа рнырра арԥсыҽра.
Аминистрцәа реилазаара аӡбарала еиҭаҭаҩу, аҭраҿы атәымбызшәала ҩыра змоу аҳәаанырцәтәи ахәшәқәа 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа Урыстәыла рыҭира. Уажәазы аҭрақәа урыстәылатәи ҭыжьымҭақәоуп.

Азакәан инақәыршәаны амедицинатә хархәагақәа ҭзыжьуа, иалазгало аиҿкаарақәа Урыстәыла русура аанкылара азин рымам атәыла аиҳабыра адырра аҭарада. Урҭ адырра рыҭатәуп аусура аанкылара фымз шагу.

Азакәан инақәыршәаны аиҳабыра 2022-2023 шықәсқәа рзы Урыстәыла атәылауаа, аҳәаанырцәуаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа амедицинатә цхыраара рыҭара аҷыдарақәа шьақәдыргылар рылшоит.
Уи адагьы ибзиоуп ҳәа ахҳәаан ариашара, ахәшәқәа ааидкыланы изҭиуа аиҿкаара аиқәшаҳаҭрақәа рҿы иарбоу аҿҳәарақәа ирықәныҟәалар шакәу, ахәшәқәа аныҟоу, урҭ рынашьҭра мап ацәкра азин шрымам.
Ажәабжьқәа зегьы
0