Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснытәи абоксиорцәа ахьтәы медалқәа жәба ранашьахеит

© Foto / Госкомспорта АбхазииДесять медалей завоевали абхазские боксеры на турнире в Ессентуках
Десять медалей завоевали абхазские боксеры на турнире в Ессентуках - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
Абокс азы иаарту атурнир "Аспорт ԥсҭазааратә стильк аҟазшьала" мҩаԥысит Ессентуки хәажәкыра 23 - 28 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахьтәы медалқәа жәбеи разны медалки ранашьахеит аԥснытәи абоксиорцәа Ессентуки абокс азы иаарту аицлабра "Аспорт ԥсҭазааратә стильк аҟазшьала" аҟны ҳәа иҳәеит азыҟаҵаҩ Беслан Адлеиба.

"Аԥснынтәи атурнир иалахәын жәҩык абоксиорцәа. Дара зегьы напыҭацәыла ихнымҳәит. Хынтәуп ари аицлабра ҳалахәхоижьҭеи. Аха асеиԥш ақәҿиарақәа ҳмоуцызт. Ҳзындаҭлозгьы ӷәӷәан, аха ҳаспортсменцәа ҳдыргәырӷьаҵәҟьеит", - ҳәа иҳәеит иара.

Адлеиба иҳәеит ари аицлабра аиааира еиҳау аҩаӡарахь унанагом, ихадоу аԥышәа аиуроуп ҳәа.
"Арҭ аицлабрақәа еиуеиԥшым ақәрақәа змоу рылахәуп. Ари аспортхкы Нхыҵ Кавказ ирылаҵәоуп, аԥышәа аиурагьы акраҵанакуеит. Ҳаргьы Краснодартәи атәылаҿацәи Аладатәи Афедералтә округи рчемпионатқәа рахь анеира ҳгәы иҭоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Межрегиональный турнир по вольной борьбе среди юниоров в возрасте от 14 до 20 лет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.06.2021
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Ставрополь аицлабраҿы "ахьи" "араӡни" иаиааит
Аԥыжәара ргеит: Дамеи Чамагәуа, Аинар Малиа, Данил Ҳаразиа, Дауҭ Хагәышь, Сумбади Артури Саакианаа, Владик Амҷба, Анрик Зарданиа, Аинар Курт-оӷлы. Аҩбатәи аҭыԥ никылеит Ераст Хьиба.
Аспортсменцәа азыҟарҵоит Давид Аҩӡба, Саид Смыр, Беслан Аршба, Алиас Агрба, Арнольд Гәбаз, Леонид Ҳаразиа, Даур Габриа.
Абокс азы иаарту аицлабра "Аспорт ԥсҭазааратә стильк аҟазшьала" иалахәын 250-ҩык аспортсменцәа Аԥсны, Ростовтәии Воронежтәи аобластқәа, Ҟабарда-Балкариа, Ҟарачы-Черкесиа, Нхыҵ Уаԥстәыла, Краснодартәи атәылаҿацә, Даӷьесҭан, Чечниа, Ингушетиа рҟынтәи.
Ажәабжьқәа зегьы
0