Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәынба: Шьараҭынаа рызҵаара аӡбаразы аиҿцәажәарақәа цоит

Гәынба: Шьараҭынаа рызҵааразы аӡбаразы аиҿцәажәарақәа цоит
Анапаҵаҩра
Акультура аминистрра аспециалист хада Адамыр Гәынба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, акәашаратә ансамбльқәа иахьатәи аамҭазы имҩаԥырго аусурақәа, "Шьараҭын" аҽазыҟаҵаратә зал азҵаара аныӡбахо, аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт ахәаԥшцәа ианрыдгалахо атәы.
Аԥсны иҟоу х-ҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбльқәа рахьынтә, иахьа аус руеит ҩ-ансамбльк ҳәа азгәеиҭеит Гәынба аиҿцәажәараҿы.
"Ансамбль "Шьараҭын" аҽазыҟаҵаратә зал ахьрымам иахҟьаны русура аанкылоуп. Егьырҭ аколлективкәа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит. "Шьаратын" аҟнытә акәашаҩцәа егьырҭ ансамбльқәа рахь ииасуеит ҳәа аинформациа макьана иҳамаӡам. Ҳәарада, ансамбль аусура аанкылеижьҭеи акрааҵуеит. Иаҳҭахуп ансамбль аус аур. Ари ахьӡ-аԥша змоу ҳәынҭқарратә ансамбльны иҟоуп. Аиҿцәажәарақәа цоит. Аҽазыҟаҵаратә ҭыԥ роуп ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Акәашаҩцәа ауалафахәы шроуц ироуеит", - ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гәынба.
Акультура аминистрра аспециалист хада иҳәеит, ансамбльқәа аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥырго, иаарласны ахәаԥшцәа рықәгыларақәа рбартә еиԥш ишыҟало.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0