Урыстәыла Ҟарабах аинышәараз ааԥхьара ҟанаҵеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНагорный Карабах. Российские миротворцы обеспечивают безопасность движения
Нагорный Карабах. Российские миротворцы обеспечивают безопасность движения - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
2020 шықәсазы Ермантәылеи Азербаиџьани рыбжьара аиҭеибарххара аныҟала ашьҭахь Урыстәыла Ашьха Ҟарабахҟа абжьаҟазаҩцәа нанашьҭит.
АҞӘА, хәажәкыра 28 - Sputnik. Урыстәыла Ашьха Ҟарабах аҭагылазаашьаҿы ихадараны иашьоит аинышәара арежим ақәныҟәара ҳәа аанацҳауиет РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа ашьаҭас иҟаҵаны.
"Ари азҵаара арратә напхгара алацәажәароуп. Дара азербаиџьантәии ермантәылатәии аганқәа ирыҿцәажәоит. Уажәазы ҳәарада ихадоу аинышәара арежим ақәныҟәароуп аганқәа рыҩбагьы рганахь ала", - иҳәеит Песков.
Хәажәкыра 24 - 25 азербаиџьантәи аган аԥырҩы дызҭам ахархәага Байрактар-ТБ2 ала Ҟарабах, аиланхарҭа Фурух ԥшьынтә иалахысит ар ахьгылаз иарбаны.
Специалисты противоминного центра Минобороны РФ приступили к работе в Карабахе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Азербаиџьан аиҿцәажәарақәа рышьҭахь Ҟарабах, Фурух араион аҿы ар шьҭахьҟа ирнахеит
Хәажәкыра 26 Ашьха-Ҟарабах ахада Араик Арутиуниан аусԥҟа инапы аҵеиҩит аибашьратә ҭагылазаашьазы аамҭала азинқәеи ахақәиҭрақәеи ԥкызарц азы.
Урыстәылатәи аган ацәажәара ашьҭахь азербаиџьантәи ар Фурух иалҵит. Абжьаҟазаҩцәа реилазаареи аимак алахәылацәа рхаҭарнакцәеи аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0