Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа: аинформациатә усура иаша Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иацхраауеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа ахыиҳәааит.
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аинформациа ииашаны рызнагара, адунеи аларҵәара Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵараҿы ицхыраагӡа дууп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аслан Бжьаниа ААР амедиацентр аартраан данықәгылоз.

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ҳара уажәы аинформациа аамҭа ҳҭагылоуп, иаабоит иахьа уи инанагӡо ароль ду. Дыррала, ишәаны-изаны иҟаҵоу информациала аиқәыршәара ҳтәыла ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара аус аҳәаақәа рырҭбааразы, жәларбжьаратәи аҳаҭыр арӷәӷәараҟны зыда ԥсыхәа ыҟам мыругоуп. Абри инамаданы, Амедиацентр аартра аҵак ду амоуп, иахьа ҳтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбара иацхраауеит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Аслан Бжьаниа
Аԥсны ахада
Атәыла ахада иазгәеиҭеит акыршаҵанакуа, иагьшахәҭоу жәларбжьаратәи аинформациатә политика ахырхарҭала аусура.
"Агәра ганы сыҟоуп ииашоу азнеишьа ҟалар, зегьы шҳалшо", - ҳәа иажәа хиркәшеит ахада.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аатит аҩаша хәажәкыра 29 рзы. Уи аартра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә иалахәын урыстәылатәи асасцәа - амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониани уи лыԥшәма арежиссиор, апродиусер, асценарист Тигран Кеасоиани.
Ажәабжьқәа зегьы
0