Италиатәи ашәаҳәаҩ Пупо Урыстәыла дадгыло урысшәала ашәа иҳәеит

© Foto / facebook / Светлана ТимошинаЭнцо Гинацци
Энцо Гинацци - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
Москва Украина арратә опрерациа ианалага инаркны Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иаҿагылоз асанкциақәа аларгалеит, "агрессор" ҳәа ахҳәааны еицырдыруа аспортсменцәеи акультура аусзуҩцәеи ирбалак рхырҳәаауа иалагеит.
АҞӘА, хәажәкыра 29 - Sputnik. Италиатәи ашәаҳәаҩ Енцо Гинацци, Пупо ҳәа еицырдыруа, Урыстәыла дадгыло урысшәала ашәа иҳәеит.
Артист афортепиано иациҳәеит ашәа "Иҟоуп мгеимцара заҵәык" ("Есть только миг" - азгә.), акомпозитор Александр Зацепин, ажәақәа - Леонид Дербенев.
Пупо ашәахьаҽны иҭеиҩит авидео, Урыстәыла апандемиа аҿагылараз ҭабуп ҳәа ахьеиҳәо.
"Урыстәылатәи сҩызцәа, сашьцәа ҭабуп ҳәа шәасҳәоит сыԥсадгьыл Италиа иуадаҩыз аамҭаз иашәҭоз ацхырааразы. Агәра згоит ахааназ ҳшнышәмыжьуа. Пупо сҟынтә иҭабуп, Италиа аҟынтә иҭабуп! Урыстәыла бзиа иаабоит!" – иҳәеит иара.
Ажәабжьқәа зегьы
0