Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маланиаԥҳа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр азы: хаз игоу медиахыҵхырҭахоит

Маланиаԥҳа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр азы: хаз игоу медиа хыҵхырҭахоит
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аусзуҩ Викториа Маланиаԥҳа еиҭалҳәеит уи аусура шеиҿкаау, шаҟаҩы аус руа, иарбан бызшәақәоу усутәны амедиацентр аҿы иҟоу, рҿаԥхьа дҵақәас иқәгылоу атәы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр иахьа Аҟәа иаартын. Уи аусураҿы ихадоу адҵақәа ируакуп Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара.
Амедиацентр аартра иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, амедиагәыԥ "Россия сегодня" аредактор хада Маргарита Симониан, Аԥсны иҟоу Урыстәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Приднестровиеи рыцҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0