Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг еиҭеиҳәеит ажурналистцәа алхрақәа шеихыршьаалаз, сынтәа реиндаҭлара зызкхо

Ҳашыг еиҭеиҳәеит ажурналистцәа алхрақәа шеихыршьаалаз, сынтәа реиндаҭлара зызкхо
Анапаҵаҩра
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла апрезидиум аилатәараҟны иқәгылаз азҵаарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг.
Амассатә информациатә хархәагақәа рхадацәа злахәу ажурналистцәа рпрезидиум аилатәараҟны еихыршьаалеит Жәлар реизарахь алхрақәа раан русура, иазгәарҭеит азакәан еилазго еилагарак шыҟамыз. Сынтәа ажурналистцәа рыбжьара ирылаҳәоу аиндаҭлара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 30 шықәса ахыҵра иазкхоит. Ажурналистцәа аинадҭларахь инарышьҭуа русумҭақәа рҟны иаарԥшызароуп уи аԥхьа инарҭбааны зыӡбахә ҳәамыз, цқьа идырым аибашьратә хҭысқәа.
Сынтәа аицлабрахь зусумҭақәа рыдыркыло Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәу мацара роуп. Аицлабра мҩаԥгахоит "ателехәаԥшра", "арадио", "акьыԥхь", "аинтернет-ҭыжьымҭақәа" рыхьыӡҳәала. Аусумҭақәа еиқәыршәазароуп аочерк ажанр ала. Урҭ рыдкылара иалагоит мшаԥы 1 инаркны, иагьхыркәшахоит абҵара 1 азы. Аихшьаалақәа ҟаҵахоит жәабран 27 Амассатә информациатә хархәагақәа рымш аназгәарҭуа аҽны.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0