Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Џьопуа: ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы иҳагу маҷым, аха хәыҷы-хәыҷла ацхыраара ҳауеит

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьопуа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа маругала аиқәыршәара иазкны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтәи аԥҟараҿы зыда ԥсыхәа амам амаругақәа рыла еиқәыршәоуп. Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьопуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит, уи шалыршахаз, насгьы русура арманшәаларазы еиҭа ирыгу атәы.
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы иҳагу маҷым, аха хәыҷы-хәыҷла нап адкыло ауадаҩрақәа рыӡбараз аус цоит ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа арадиоефир аҿы.
"Мышқәак раԥхьа, аԥҟараҿы иҳамамыз амаругақәа, иара убас алашырбага уҳәа агәабзиарахьчара аминистрра иабзоураны иаҳзааган. Ԥарала миллионк мааҭ инацны иартәоит. Уи анаҩс ҳмаругақәа мблырц, аус бзианы иаурцаз, зымчхара ҳараку астабилизатор ҳауит. Уи 700 нызықь мааҭ инацны иаԥсоуп. Макьана иара иқәыргылаӡам, аспециалистцәа раара ҳазыԥшуп. Ари ала зегь ҳамоуп ҳазҳәом, аха хәыҷы-хәыҷла ацхыраара ҳауеит. Иара убас ахәшәтәырҭа ахыбра ҿыц иҟаҵан. Аҭагылазаашьа даара иуадаҩын. 2021 шықәсазы иҟаз амшцәгьақәа раан еиҭа ааха аиуит. Уажәы 4 миллион мааҭ ақәхарџьны акапиталтә усурақәа мҩаԥган", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьопуа.
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аҳақьым хада еиҭеиҳәеит ари ашықәс иалагӡаны иззыԥшу ацхыраареи ахәшәтәырҭа ҿыц азы апроект ашьақәыргыларазы ицо аусурақәеи ртәы. Иазгәеиҭеит аргыларақәа сынтәатәи ашықәс азы ирылагартә еиԥш ауснагӡаҿ ишарбоу.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0