Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат аҿы еицыхәмарраны иҟоу акомандақәа еилкаахеит

© AFP 2023 / FRANCOIS-XAVIER MARITЖеребьевка чемпионата мира по футболу
Жеребьевка чемпионата мира по футболу  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат иалагоит абҵара 21 рзы Катари Еквадори еизгоу ркомандақәа рыхәмаррала. Атурнир хыркәшахоит ԥхынҷкәын 18 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Катар аҳҭнықалақь аҿы Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат афиналтә хәҭа иазкыз аҵәҭаԥсара мҩаԥысит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Атурнир иалахәу 32 тәыла аа-гәыԥк рыла еихыршеит, гәыԥцыԥхьаӡа ԥшьба-ԥшьба команда алоуп. Уажәазы 32 команда рахьтә иалахәхо 29 команда алырххьеит, даҽа х-командак алырхраны иҟоуп хәажәкырамзазы имҩаԥысыз алԥшааратә хәмаррақәа рылҵшәақәа рыла.
Аҵәҭаԥсара алҵшәақәа рыла, акомандақәа абас ала еихшахеит:
агәыԥ А: Катар, Еквадор, Сенегал, Нидерландқәа;
агәыԥ В: Англиа, Иран, ЕАА, Украина/Шотландиа/Уельс;
агәыԥ С: Аргентина, Саудтәи Аравиа, Мексика, Польша;
агәыԥ D: Франциа, Еиду Арабтәи аемиратқәа/Австралиа/Перу, Даниа, Тунис;
агәыԥ Е: Испаниа, Коста-Рика/Зеландиа Ҿыц, Германиа, Иапониа.
агәыԥ F: Бельгиа, Канада, Марокко, Хорватиа;
агәыԥ G: Бразилиа, Сербиа, Швеицариа, Камерун;
агәыԥ Н: Португалиа, Гана, Уругваи, Аладатәи Кореиа.
Урыстәыла еизгоу акоманда адунеи ачемпионат иалахәхаӡом. Жәабранмза анҵәамҭазы ФИФА, УЕФА Урыстәыла акомандақәеи аклубқәеи жәларбжьаратәи аицлабрақәа рахь аамҭак азгәаҭамкәа ишынармышьҭуа азы аҳәамҭа ҟарҵеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа рымшала.
Ашьапылампыл азы уажәтәи адунеи ачемпионс иҟоуп Франциа акоманда, иара Урыстәыла имҩаԥысуаз ԥыхьатәи ачемпионат иаиааит.
Ажәабжьқәа зегьы
0