Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалеит адунеи аҿы раԥхьатәи COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа

© Sputnik / Абзал Калиев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казахстане началось производство вакцины Sputnik V
В Казахстане началось производство вакцины Sputnik V - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанаҩит адунеи аҟны ираԥхьатәиу COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, аусбарҭа апресс-маҵзура ражәақәа шьаҭас иганы.
Зыӡбахә ҳәоу аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа Гам-КОВИД-Вак ("Спутник V") аус адырулеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр аҿы. Алаҵа ахархәара цхыраагӡахоит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рмилаҭтә центр адиректор Александр Гинцбург.
Аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа ҩ-компонентк рыла ишьақәгылоуп, хымчыбжь рахьтә знык аԥынҵа иҭарҭәоит иҷыдоу ахаҵа-ҭаршәшәага ала.
Открытие пунктов вакцинации в торговых центрах Екатеринбурга - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Гинцбург COVID-19 аҟынтә аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа шәарҭам ҳәа дахәаԥшуеит
COVID-19 (SPRAY 08-Гам-КОВИД-Вак-2021) аҟынтәи аԥынҵа иҭарҭәо алаҵа аус адулара иалагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы. 2022 шықәса хәажәкыра 18 рзы Ацентр адокументқәа ашәҟәҭагаларазы инанашьҭит.
Аҟазауаа рдыррақәа рыла, алаҵаҟаҵара ашьҭахь ауаҩытәыҩса ицәеижь ахьчаратә ҟазшьа каҳауа иалагоит. Алаҵа амчра ахьчаразы ацхыраагӡақәа (абустерқәа) аҭахуп. Хәажәкыра 18 рызтәи адыррала, Урыстәыла алаҵаҟаҵара иахысхьеит 84 миллионҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0