Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

ДЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит анацбаталионқәа аҭынч уааԥсыра агуманитартә цхыраара рымырхуеит ҳәа

© Sputnik / Виктор Антонюк / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Донецкой народной республике
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьараҟәныхразы арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24.
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Анационалисттә баталионқәа рлахәылацәа агуманитартә цхыраара рымырхуеит дара рнапаҿы иҟоу Донбасс аҵакырақәа рҿы инхо аҭынч уааԥсыра, абри азы аҳәамҭа ҟалҵеит РИА Новости аинтервиу азҭоз ЛЖәР ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Викториа Сердиукова.
Лара иазгәалҭеит Украина аҵакыраҟынтәи аамҭа-аамҭала агуманитартә цхыраара рыманы амашьынақәа шнеиуа, ауаа урҭ ргаразы ианнеилак, анацбаталионқәа рлахәылацәа рабџьар рыманы инкылсуеит ҳәа.
"Дара урҭ агуманитартә цхыраара ргар руам, рхазы иаашьҭхны иргоит. Ус изныкымкәа иҟалахьеит, ҳара уи аадыруеит ара иҟоу ауааԥсыра рҟынтәи", - лҳәеит аомбудсмен.
Сердиукова иара убас еиҭалҳәеит Киев анапаҿы иҟоу Северодонецк, Рубежныи, Кременнои рҿы украинатәи аибашьцәа ауааԥсыра аҩнаҵаҟақәа рҽахьырҵәахуаз ишдәылырцоз аиҿахысрақәа раан.
Освобожденные от ВСУ районы на окраине Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ЛЖәР аҳәамҭа ҟарҵеит иртҟәаз украинатәи аруаа рыр ахь ихынҳәыр шырҭахым
Хәажәкыра 24 раахыс Украина абџьарахыхра амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0