Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чкотуа Сезаи Папба изы: здырра ҳаракыз ауаҩы аԥсадгьыл азы ишахәҭоу ҳхы даҳзамырхәеит

Чкотуа Сезаи Папба изы: здырра ҳаракыз ауаҩы аԥсадгьыл азы ишахәҭоу ҳхы даҳзамырхәеит
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә усзуҩ Оқҭаи Чкотуа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны дигәалаиршәеит ажурналист Сизаи Папба.
Мышқәак раԥхьа идунеи иԥсахит ҳџьынџьуаҩ, ажурналист нага Сезаи Папба. Иара дреиуан зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зегь раԥхьа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа иара аԥсуа усқәа ирызкны аизарақәеи, аконференциақәеи, аиԥыларақәеи уҳәа еиҿикаауан, имаҷымкәагьы Аԥсны иазкыз ашәҟәқәа редакторс дрыман. Сезаи Папба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раԥхьагьы иҭоурыхтә ԥсадгьыл дадҳәалан, ҳхылҵшьҭрақәеи ҳареи ҳаимадара арӷәӷәара дашьҭан, ари аус акыр дазааԥсахьан.
Иара Аԥсныҟа изныкымкәа даахьан, акыраамҭагьы ара дынхон, аус иуан. 1999 шықәсазы ажурналист, аиҭагаҩ иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Владислав Арӡынба Ҭырқәтәыла иҟазаараан Сҭамԥыл апресс-конференциа мҩаԥигон.
Сезаи Папба еиуеиԥшым ателеканалқәа рҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә политика ахьчаразы дықәгылон, агазеҭқәеи ажурналқәеи рҿы астатиақәа аниҵон. Иԥсҭазаара зегьы хықәкыс, хырхарҭас иамаз Аԥсны ахьыԥшымра наӡахарц азы ақәԥара акәын. Дыхҭазкыз ачымазара бааԥс иахҟьаны мшаԥы 1 азы иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Сезаи Папба арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит ауаажәларратә усзуҩы Оқҭаи Чкотуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0