Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа амшцәгьа зԥырхагахаз анхацәа ацхыраара рыҭара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьопуа амшцәгьа зԥырхагахаз анхацәа ацхыраара рыҭара иазкны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьопуа ҵыԥх амшцәгьа зԥырхагахаз анхацәа ишрыцхрааз, макьанагьы еиҭашьақәыргылатәыс ирымоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит.
Амшцәгьаан аԥхасҭа рыҭан 18 ҩны рҟынӡа, ҳәа иҳәеит Џьопуа арадиоефир аҿы. Акомиссиа алахәылацәа ҩныцыԥхьаӡа ақьаадқәа еиқәдыршәеит. Араион ахатә харџьала урҭ ацхыраара рыҭара алыршахомызт, арзаҳалқәа иҩын атәыла аԥыза-министр ихьӡала ҳәа адырра ҟаиҵеит Џьопуа.
"Аԥхьа арзаҳал алазҵаз 14 -ҩык ацхыраа рыҭан. Ацхыраара иаҵанакуазгьы убри акәын, акоммисси аԥхасҭа ирынаҭаз шьақәнырӷәӷәеит, анаҩс убри ахәԥса ҳәа иԥхьаӡаз аԥара рыҭан. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа анхацәа рхала иҟарҵеит", - ҳәа иҳәеит Џьопуа.
Аӡиас Кәыдры хәыҷы иагаз ацҳа акәзар, Џьопуа иҳәеит уи азҵаара макьана ишыӡбам. Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ еиҭеиҳәеит амшцәгьаан ааха зыҭаз ашколқәа рызҵаара аус адулара шцо атәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0