Аԥсны ахәбатәи ахада иира амшаз: Аслан Бжьаниа Sputnik аблала

Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 рзы 59-тәи иирамш азгәеиҭоит. Атәыла ахада иусура атәы аазырԥшуа афотосахьақәа Sputnik афотолентаҟны.
Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа диит мшаԥы 6 1963 шықәсазы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан. Абжьаратә школ даналга дҭалоит Фрунзетәи аполитехникатә институт "анџьныр-аргылаҩ" изанааҭ ала. 1982 шықәсазы диасуеит москватәи амашьанатә-амҩатә институт ахь, дагьалгоит 1985 шықәсазы.
1991 шықәсазы СССР ашәарҭадаратә маҵзура иреиҳау акурсқәа дрылгеит, 1991 -1992 шықәсқәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭаҿы аус иуан. 1999 шықәса инаркны 2008 шықәсанӡа Урыстәыла абизнес инапы алакын.
Аслан Бжьаниа - аԥсуа политикаҟны иҿыцу хаҿӡам. 2010- 2014 шықәсқәа рзы – Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩыс дыҟан.
2014 шықәса нанҳәамзазы атәыла ахада иалхрақәа иҽрылаирхәит, аиааира игеит Рауль Ҳаџьымба. Алхрақәа рышьҭахь Аслан Бжьаниа АШәМ аҟнытәи имаҵура дамхын. Аха аполитика аанимыжьӡеит аоппозициатә мчқәа Рыблок ацхантәаҩыс дҟалоит.
2017 шықәсазы Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара адепутатс далхын.
2020 шықәса ажьырнҳәамзазы Аԥсны имҩаԥсыуаз аҿагыларатә акциа ашьҭахь усҟантәи аамҭазы Атәыла ахадас иҟаз Рауль Ҳаџьымба ԥхьатәара дцеит. Хәажәкыра 2020 шықәсазы имҩаԥгаз изаамҭанытәим алхрақәа рҟны аппозициа ахада Аслан Бжьаниа аиааира игеит.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 рзы иирамш азгәеиҭоит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 рзы иирамш азгәеиҭоит. - Sputnik Аҧсны
1/11

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа мшаԥы 6 рзы иирамш азгәеиҭоит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Атәыла ахада 59 шықәса ихыҵит.

Атәыла ахада 59 шықәса ихыҵит. - Sputnik Аҧсны
2/11

Атәыла ахада 59 шықәса ихыҵит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи хадоуп. Амчрахь днеит хәажәкырамза 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз аиҭалхрақәа рҟны данаиааи ашьҭахь.

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи хадоуп. Амчрахь днеит хәажәкырамза 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз аиҭалхрақәа рҟны данаиааи ашьҭахь. - Sputnik Аҧсны
3/11

Аслан Бжьаниа Аԥсны ахәбатәи хадоуп. Амчрахь днеит хәажәкырамза 2020 шықәсазы имҩаԥысуаз аиҭалхрақәа рҟны данаиааи ашьҭахь.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны.

Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны. - Sputnik Аҧсны
4/11

Аслан Бжьаниеи Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилови Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа аҽны.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Хәажәкыра 2022 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын. Уи далахәын Аслан Бжьаниа. Аԥсны ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа ахыиҳәааит.

Хәажәкыра 2022 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын. Уи далахәын Аслан Бжьаниа. Аԥсны ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа ахыиҳәааит. - Sputnik Аҧсны
5/11

Хәажәкыра 2022 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амедиацентр Аҟәа иаартын. Уи далахәын Аслан Бжьаниа. Аԥсны ахада Адәныҟатәи аусқәа рминистрра амедиацентр аартра аҵакы ӷәӷәоуп ҳәа ахыиҳәааит.

© Sputnik / Леон Адлейба

Аслан Бжьаниа - аԥсуа политикаҟны иҿыцу хаҿӡам. Иара Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара адепутатс далхын, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабс дыҟан.

Аслан Бжьаниа - аԥсуа политикаҟны иҿыцу хаҿӡам. Иара Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара адепутатс далхын, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабс дыҟан. - Sputnik Аҧсны
6/11

Аслан Бжьаниа - аԥсуа политикаҟны иҿыцу хаҿӡам. Иара Аԥсны Жәлар реизара VI ааԥхьара адепутатс далхын, аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабс дыҟан.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа аҳәаанырцәтәи иколлегацәеи иареи еиԥылоит, аҩнуҵҟатәи аполитика еиԥш адәныҟатәигьы иазааҭгылоит.

Аслан Бжьаниа аҳәаанырцәтәи иколлегацәеи иареи еиԥылоит, аҩнуҵҟатәи аполитика еиԥш адәныҟатәигьы иазааҭгылоит. - Sputnik Аҧсны
7/11

Аслан Бжьаниа аҳәаанырцәтәи иколлегацәеи иареи еиԥылоит, аҩнуҵҟатәи аполитика еиԥш адәныҟатәигьы иазааҭгылоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵараз мап рцәикуам. Лассы-лассы апресс-конференциақәа мҩаԥигоит.

Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵараз мап рцәикуам. Лассы-лассы апресс-конференциақәа мҩаԥигоит.  - Sputnik Аҧсны
8/11

Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак аҟаҵараз мап рцәикуам. Лассы-лассы апресс-конференциақәа мҩаԥигоит.

© Sputnik / Марианна Кубрава

Атәыла ахада аспорт бзиа ибоит, есышьыжь дныҟәоит, агимнастика ҟаиҵоит.

Атәыла ахада аспорт бзиа ибоит, есышьыжь дныҟәоит, агимнастика ҟаиҵоит. - Sputnik Аҧсны
9/11

Атәыла ахада аспорт бзиа ибоит, есышьыжь дныҟәоит, агимнастика ҟаиҵоит.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атәыла ахада иирамш идырныҳәалоит иколлегацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дҟоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин.

Атәыла ахада иирамш идырныҳәалоит иколлегацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дҟоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин. - Sputnik Аҧсны
10/11

Атәыла ахада иирамш идырныҳәалоит иколлегацәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы дҟоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин.

© Sputnik / Томас Тхайцук

Атәыла ахада ихьӡала иҳәоу азеиӷьашьарақәа иадгылоит Sputnik Аԥсны. Атәла ахада изеиӷьаршьоит агәабзиареи аихьӡарақәеи!

Атәыла ахада ихьӡала иҳәоу азеиӷьашьарақәа иадгылоит Sputnik Аԥсны. Атәла ахада изеиӷьаршьоит агәабзиареи аихьӡарақәеи! - Sputnik Аҧсны
11/11

Атәыла ахада ихьӡала иҳәоу азеиӷьашьарақәа иадгылоит Sputnik Аԥсны. Атәла ахада изеиӷьаршьоит агәабзиареи аихьӡарақәеи!

Ажәабжьқәа зегьы
0