Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аигумен Игнати Агәырӷьаҿҳәаша амш ду азы: уи аҭоурых дууп, адоуҳатә мчыгьы дууп

Аигумен Игнати Агәырӷьаҿҳәаша амш ду азы: уи аҭоурых дууп, адоуҳатә мчыгьы дууп
Анапаҵаҩра
Ицқьаӡоу Анцәа дзыхшаз агәырӷьаҿҳәаша анлоуз амш азгәарҭоит ақьырсиан динхаҵаҩцәа мшаԥымза 7 азы. Аныҳәамш иацу акәамаҵамарақәеи, аԥшьаҩыраҟны иара иааннакыло аҭыԥи ртәы арадио Sputnik иазеиҭеихәеит Аԥшьа Иоанн Ахьҿы Камантәи иберҭыԥ анцәаимҵаныҳәаҩ Аигумен Игнати.
Агәырӷьаҿҳәаша амш ду аҵак ду амоуп, уи аҭоурых дууп, адоуҳатә мчыгьы дууп, ҳәа иҳәеит аб Игнати арадиоефир аҿы.
"Адунеи аҿы зегьы рахьынтә далхуп Ацқьа Мариа. Лара лыцқьара, илымаз адоуҳа ду ала. Ахҭыс ҟалеит Иосифи лареи анеидыркыла ашьҭахь ԥшьымз ааҵуаны. Ацқьа Мариа дани нахыс лани лаби ирҳәеит, уи Анцәа дышизку. Уи азы лара хаҵа дымцеит, аха аиурицәа рыԥҟарала аҭыԥҳа данызҳалак хаҵа дрышьҭыр акәын. Мариа лани лаби ԥсит, ҩныда даанхеит. Аԥшьаҩцәа рхы ааидыркылан ирыӡбеит еибаз Иосиф дирҭарц. Ус иагьыҟалоит, аха дара хаҵеи ԥҳәыси ҳәа еимамызт. Иара дбыргын, хәыҷык лаҳасабала дибон", - ҳәа еиҭеиҳәеит аб Игнати.
Аԥшьаҩыраҿы иарбоу анаҩстәи ахҭысқәа ртәы шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҿы. Аигумен Игнати иара убасгьы еиҭеиҳәеит Гәырӷьаҿҳәаша амш ду аҿбаара ианыҵоу аамҭазы ақьирсиан динхаҵаҩцәа ишазгәарҭо атәы, насгьы ԥсуаҵасла ари аныҳәа азгәаҭара ақьирсиан шьҭра шамоу атәы иҳәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0