Мишустин: Урыстәыла иаҿагыло аекономикатә еибашьра мҩаԥысуеит

© Sputnik / Дмитрий Астахов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ
Премьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Мраҭашәара атәылақәа Украина иахырҟьаны Урыстәыла аганахь ала асанкциа рацәа аларгалеит.
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Иахьа Урыстәыла иаҿагыло аекономикатә еибашьра мҩаԥысуеит, убри азы Аминистрцәа реилазаареи Апарламенти рҿаԥхьа аус дуқәа шьҭоуп – урҭ реинырра иахьыԥшхоит урыстәылатәи аекономика аҭагылазаашьа ҿыцқәа ишырнышәо ҳәа иҳәеит Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Урыстәыла иаҿагыло аекономикатә еибашьраҵәҟьа мҩаԥысуеит. Шәареи ҳареи ҳусеицура иахьыԥшхоит урыстәылатәи аекономика аҭагылазаашьа ҿыцқәа ишырнышәо, ԥхьаҟа аҿиара шалшо", - иҳәеит Мишустин, Аминистрцәа реилазаара аусураз иҳасабырбаҿы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәахьан Мраҭашәара ахықәкы хада Урыстәыла арԥсыҽра аполитика шакәу, асанкциақәа ракәзар адунеитә економика зегьы иаԥырхагоуп ҳәа.
Иара иажәақәа рыла, Мраҭашәара ахықәкы миллионла ауаа рыԥсҭазаашьа арцәгьароуп. Путин иара убасгьы иҳәеит ЕААи Евроеидгылеи Урыстәыла авалиутатә резервқәа раанкылара ала рхыдҵақәа рзы адефолт рыларҳәеит ҳәа. Иара иҳәеит уажәтәи ахҭысқәа Мраҭашәара аполитикеи аекономикеи рҟны иамаз аԥыжәара аҵәаӷәа ахьнашьуеит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0