Ассамблеиа хада Урыстәыла ЕАР АИР алахәра ааннакылеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Гаага
Города мира. Гаага - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Анапаҵаҩра
Адокумент апроект аздырхиеит мраҭашәаратәи атәылақәа ЕАА, Украина, Латвиа назлоу.
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Ассамблеиа Урыстәыла ЕАР Ауаҩытәиҩса изинқәа рзы Ахеилак алахәра аанкылазарц арезалиуциа аднакылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Ари иақәшаҳаҭхеит 93 ҳәынҭқарра Сербиеи Израили назлоу. Мап ацәыркит — 24. Аԥшьгамҭа иадымгылеит: Алжир, Белоруссиа, Боливиа, Бурунди, Китаи, Ареспублика Конго, Куба, КЖәДР, Еритреиа, Ефиопиа, Габон, Иран, Ҟазахстан, Киргизиа, Лаос, Мали, Никарагуа, Урыстәыла, Шьамтәыла, Таџьикистан, Узбекистан, Ветнам, Зимбабве. Рҽааныркылеит — 58, Египет, Камерун, Гана, Индиа, Кувеит, Мексика, Монголиа, Пакистан, Саудтәи Аравиа, ААР, ЕАЕ назлоу.
Адокумент апроект аздырхиеит мраҭашәаратәи атәылақәа ЕАА, Украина, Латвиа назлоу.
Адокумент атекст инақәыршәаны Ассамблеиа хада Украинатәи ахҭысқәа рзы Урыстәыла ЕАР Ауаҩытәиҩса изинқәа рзы Ахеилак алахәра аанкылазарц ажәалагала ҟанаҵеит.
Аиҿкаара ахаҭарнакратә усбарҭа ахантәаҩы Абдулла Шахид иофис аҿы РИА Новости иеилдыркааит арезолиуциа анрыдыркылалак ашьҭахь Урыстәыла аҭыԥ шацәмыӡуа, аха абжьы шацәыӡуа, ақәгылара азин шацәыӡуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0