Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиеи Аргәыниеи Тҟәарчал ахыԥша иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәарҷиеи Аргәыниеи Тҟәарчал ахыԥша иазкны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчал иахыҵит 80 шықәса. Ауаажәларратә палата алахәыла Абесалом Кәарҷиеи зыԥсҭазаара зегьы Тҟәарчал иадҳәалоу Зураб Аргәыниеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит ақалақь иамаз ахыԥша атәы.
Абесалом Кәарҷиеи Зураб Аргәыниеи иргәаладыршәеит араион аҿы аус зуаз анаплакқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ааглыхра хьанҭа иазкызи афатә-ажәтә иадҳәалои. Еиҭарҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Тҟәарчалынтәи ицоз ацхыраара атәы, ҿырԥштәыс иааргеит Аалӡга иҭаз акалмаҳа кны амшынтә флот азы ишыргоз.
Арадио Sputnik асасцәа еиҭеирҳәеит Аҟармара ишыҟаз ахәышәтәырҭа бзиа, уаҟа аус руан иреиӷьыз аспециалистцәа. Зураб Аргәыниа игәалаиршәеит Тҟәарчал иҟарҵоз аҭубар Аԥсны иаҭаауаз асасцәа зегьы рыҩныҟақәа рахь ихынҳәны ианцоз имгакәа ишырымуаз, убысҟак ахаҭабзиара ҳаракын. Абесалом Кәарҷиеи иҳәеит аибашьра ҟалаанӡа Тҟәарчал араион аҿы аус шыруаз хә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0