Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ашәба Гал араион абылрақәа рҽаҽцәыхьчара ишазыхиоу атәы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ашәба Гал араион абылрақәа ишазыхиоу иазкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА иатәу Гал араион абылра аҽацәыхьчаратә ҟәша аинспектор Роман Ашәба арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, амцакрақәа рызҵаарала араион ахадараҿы имҩаԥгаз аизара атәы, иҳәеит, абылрақәа раамҭа рышҽазыҟарҵо атәы.
"Гал араион аҿы ҽаамҭанык еиԥшымкәа иаҳа ҳазыхиоуп абылрақәа. Ҵыԥх иҟаз ахҭысқәа аԥышәа ду ҳнаҭеит. Амца уазыхиамзар даара анкылара цәгьоуп. Араион зегьы анбылуа, машьынак ҩ-машьынак акгьы аанагаӡом. Аизараҿы араион ахада ақыҭа ахадацәа адҵа риҭеит, ауааԥсыра ргәырҽанырҵарц, акы амца ацраҵара ргәы иҭаркзар, амцарцәагатә машьына ааигәа иҟазарцаз. Абылра аҳәаақәа алырдаларцаз. Ҵыԥх амхурсҭақәа амцакра анапаҟынтә иаушьҭын, сынтәа - иазыԥҵәоуп аԥҟарақәа, урҭ ауааԥсыра зегьы идеилыркаахоит. Иахьа уажәраанӡа ҳамч зқәымхо ҟамлацт. Иҳаҩсыз амчыбжь азы араион аҿы ирацәан амцакрақәа, аха рҳәаақәа маҷын", - ҳәа иҳәеит Аршба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0