Лаша Ашәба инысымҩа

© Sputnik / Томас ТхайцукЛаша Ашуба
Лаша Ашуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Лаша Нугзар-иԥа Ашәба диит ԥхынҷкәын 21 1989 шықәсазы Аҟәа.
2006 шықәсазы далгеит Аҟәатәи абжьаратә школ №14.
2011 шықәсазы далгеит Урыстәыла ахада иҟны иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә усуреи Урыстәыла Академиа "азиндырҩы" изанааҭ ала. Уи ашықәсан аспирантураҟны иҵара иациҵеит.
2011 шықәса инаркны 2013 шықәсанӡа аус иуан азиндырҩыс, уи ашьҭахь ахатә коммерциатә хеилак аҩнуҵҟатәи аусбарҭа еиҳабыс дыҟан Москва.
2014 шықәса жәабранмза инаркны хәажәкырамза 2016 шықәсанӡа аус иуан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
2016 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә еизарахь депутатс далхын.
2017 шықәсазы Жәдлар Реизара депутатс далхын.
2022 шықәса хәажәкырамзазы Апарламент ахь депутатс деиҭалхын.
Ажәабжьқәа зегьы
0