Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи ар Украина аруаа Мариуполь рҭахкаара аԥжәара алдмыршеит

© Sputnik / Пресс-служба Минобороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота ракетного комплекса "Искандер" по целям ВСУ
Работа ракетного комплекса Искандер по целям ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 11 азы Мариуполь Ильич ихьӡ зху азауад аҵакыраҿы амацәаз иҭакыз украинатәи аруаа рҽазыршәеит ақалақь алҵра.
АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Мариуполь Ильич ихьӡ зху азауад аҵакыраҿы амацәаз иҭакыз украинатәи аруаа ақалақь иалҵырц рҽазышәара аԥдырҟәҟәааит урыстәылатәи архәҭақәа ҳәа ааицҳауеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков.

"Шәҩык рҟынӡа зхыԥхьаӡара наӡоз украинатәи аруаа акәылӡтехника ахархәарала азауад аҵакыра иҭыҵны ақалақь аанрыжьырц рҽазыршәеит. Авиациеи артиллериеи ари аҽазышәара еиԥдырҟьеит", - иҳәеит Конашенков.

Аинрал иҳәеит ишҭархоу атанкқәа хԥа, аршьаҟауаа рмашьынақәа хәба, 50-ҩык рҟынӡа аруаа.
"Аҽа 42-ҩык украинатәи аруаа хатәгәаԥхарала рабџьар шьҭарҵеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылатәи аруаа ракетала уахык ала иҭадырхеит аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, 32 арратә ргыларақәа, акомплекс Бук-М1, асистема С-300 арадиолокатор.
Ажәабжьқәа зегьы
0