Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Затулин Урыстәыла иуадаҩыз аамҭазы аԥсуаа рыдгылара иҭабуп ахыиҳәааит

© Sputnik Константин Затулин
Константин Затулин - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Константин Затулин Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәарахь ааԥхьара иман.
АҞӘА, мшаԥы 12- Sputnik. Ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа реимабзиара (ИАР) аусқәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Константин Затулин Урыстәыла иуадаҩыз аамҭазы аԥсуаа рыдгылара иҭабуп ахыиҳәааит.
Иазгәеиҭеит, Аԥсны Донецктәи Жәлар рреспубликеи Лугансктәи Жәлар рреспубликеи рхьыԥшымра азхазҵаз раԥхьатәи аҳәынҭқаррақәа ишреиуоу, иара убас Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә аоперациа ҷыда ишадгылаз.
"Сколлегацәа рыхьӡала иуадаҩыз аамҭақәа рзы шәывагыларазы иҭабуп ахаҳәҳәаауеит"- иҳәеит иара, адепутатцәа русураҿы аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.
Затулин даԥхьеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума ахантәаҩы Виачеслав Володин иаацҳамҭа. Володин Жәлар Реизарахь иалху ҿыц адепутатцәа ирыдыиныҳәалеит, русеицура дақәгәыӷуеит.
Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара мҩаԥысит мшаԥы 12 азы.
Ҿыц иалху адепутатцәа раԥхьатәи реилатәара иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, Аминистрцәа реилазаара, Аԥсны апрокурор хада, аӡбаҩцәа, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа, Аԥсны абыргцәа рхеилак алахәылацәа, иара убас Аҳәынҭдума адепутат Константин Затулин.
Аилатәара аартын аҳәынҭқарратә гимн арҳәарала, уи ашьҭахь ажәа иҭан Аслан Бжьаниа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьарахь иалху адепутатцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп уаанӡатәи ааԥхьараҿы депутатцәас иҟаз быжьҩык- Лаша Ашәба, Ҭемыр Беииа, Асҭамыр Аршба, Алхас Ҳагба, Левон Галустиан, Ашот Миносиан, Венори Бебиа.
Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара иалахәын 33-ҩык адепутатцәа. Алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба - №8 (Алашарбагатәи) №18 (Гәдоуҭатәи) рҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0