00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Атәылауаҩи аиҳабыреи
Сынтәа еиҭашьақәыргылахо Аԥсны аихамҩатә вокзалқәа
13:05
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсны ашколқәа ҳамҭас ироуит арҵагатә маҭәахәқәа
13:45
11 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аҟәатәи амаамынааӡарҭа аԥхын аус шауа
13:56
15 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Турсезон в Гагре
14:17
24 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Экология Черного моря
14:44
2 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсныфармациа: аҳәынҭқарра аганахьала ахәшәқәа разымхара ыҟам

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота аптеки во Владивостоке
Работа аптеки во Владивостоке - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә операциа ианалага инаркны иалагалахаз асанкциақәа ирхырҟьаны атауареикәыршара еиԥҟьеит, ахәшәқәа раагарагьы налаҵаны.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аҳәынҭқарра аганахьала ахәшәқәа роураз адефицит ыҟам ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныфармациа" адиректор Русҭам Адлеиба.

Адлеиба иажәақәа рыла, аусура аштаттә режим ала имҩаԥысуеит, ахәшәқәа рзымхаразы иҷыдоу ҭагылазаашьакгьы иақәымшәацт.

"Иҟоуп ари аганахьала проблемақәак анцәырҵуа, аха ӡбышьа змам ҳақәымшәацт. Иҟоуп аԥҭекақәа рҿы иуԥымло ахәшәқәа, аха урҭ зыԥсахуа аџьармыкьахь ицәырҵхьеит. Макьаназ ахәшәаагара апроцесс шцац ицоит. Зымхарақәак уԥылозаргьы, уи аҩыза аштаттә ҭагылазаашьаангьы аҭыԥ аиур ҟалоит", - иҳәеит иара.
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра ацәаҳәала акьыбачымазара змоу, аимҳәаду змоу, агемодиализ зҭаху рзы амедицинатә программақәа аус руеит. Ҩымзҟа раԥхьа аинсулини ахимиотерапиаз ахәшәқәеи ааиԥҟьазаргьы, уажәы урҭ зегьы ыҟоуп ҳәа иҳәоит "Аԥсныфармациа" адиректор.
Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2021
Аԥсны
Гагра "Аԥсныфармациа" аҿаԥхьа иақәыз 3,2 миллион мааҭ ашәеит
"Арҭ апрограммақәа рыла аԥхьаҵәҟьа аиԥҟьарақәа ҟалеит. Аха иахьазы аинсулин ала аҳәынҭқарра ҳаиқәнаршәеит, акьыбачымазара змоугьы рыхәшәқәа раҳҭоит. Ԥхьаҟа дефицитк ҟалом ҳәа сызҳәом, аха иахьазы проблема дук ҳамам. Иҟоуп аҵәахгьы", - иҳәеит иара.
Русҭам Адлеиба иажәақәа рыла, Аԥсны аҩнуҵҟатә џьармыкьа хәшәыла аиқәыршәараз лшара дук ыҟам, ара ахәшәқәа ҭыҵӡом.

"Ҳреспублика аимпорт иахьыԥшуп. Хымԥада иахәҭоу ахәшәқәа рганахьала аҭаҵәахқәа рыҟаҵара ҳгәы иҭоуп. Иахьынӡаздыруа ала, акоммерциатә структурақәагьы ари азԥхьагәарҭоит", - иҳәеит Адлеиба.

Урыстәылантәи ахәшәқәа раиуразы апроблемақәа ҟалар, аахәарҭатә ҭыԥ ҿыцқәа рыԥшаара агәҭакуп "Аԥсныфармациа". Адлеиба иажәақәа рыла, ари азы атәыла аԥышәа амоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0