Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Сулҭан Сосналиев игәалашәара иазку ахәылԥаз Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы имҩаԥгахоит

© Foto / из архива семьи СосналиеваСултан Сосналиев
Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа рҽазыҟарҵоит Аԥсны Афырхаҵа, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу Сулҭан Сосналиев диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ахәылԥаз.
АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Акультура аминистрреи Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи иазыԥхьагәарҭоит Аԥсны Афырхаҵа, аорден "Ахьӡ-Аԥша" I аҩаӡара занашьоу, аинрал-леитенант Сулҭан Сосналиев диижьҭеи 80 шықәса аҵра иазку ахәылԥаз.
Султан Сосналиев - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.04.2018
Аиааира агара ус имариаӡам: Аԥсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев игәаларшәара
Абри атәы рҳәеит аԥыза-министр Александр Анқәаб, акультура аминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Динара Смырԥҳа, Аибашьратә фырхаҵара ахьӡ-аԥша Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа реиԥылараҟны.

Аԥсны афырхаҵа, Аԥсны уаанӡатәи атәылахьчара аминистр Сулҭан Сосналиев мшаԥы 23 рзы 80 шықәса ихыҵуазаарын. Иԥсҭазаара далҵит 66 шықәса дшырҭагылаз 2008 шықәса абҵара 22 рзы.

Сосналиев аԥсуа жәлар рхьыԥшымра аус аҿы илагала ахәшьара уадаҩуп. 29 шықәса СССР ар дрылан. Аԥырҩы инаиркны авиацентр аиҳабы иҟынӡа арратә мҩа данысит. Сулҭан Сосналиев –СССР зҽаԥсазтәыз арратә ԥырҩы, Абираҟ ҟаԥшь аорден ианашьан.
1992 шықәса нанҳәамзазы Сосналиев Ҟабардантәи хатәгәаԥхарала Аԥсны ацхырааразы амҩа иқәлаз аибашьцәа рхадараҿы дгылеит.
Аибашьра аамҭақәа рзы Сосналиев Аԥсны ар Рыштаб хада напхгара аиҭон, Аԥсны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Ифырхаҵаратә лшамҭақәа рзы 1994 шықәсазы Сосналиев Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵаны ианашьан аинрал-леитенант ичын.
1993-1996, 2005-2007 шықәсқәа рзы Сосналиев Аԥсны атәылахьчара аминистрс дыҟан.
Ианашьоуп "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара.
Ажәабжьқәа зегьы
0