Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҟәыруа аихамҩахәҭа "Гагра-Цандрыԥшь" аҟәаратә ҵаргәа иаҭоу аахазы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҟәыруа аихамҩахәҭа "Гагра-Цандрыԥшь" аҟәаратә ҵаргәа иаҭоу ааха иазкны
Анапаҵаҩра
Амшынцәқәырԥара ӷәӷәа аихамҩахәҭа "Гагра-Цандрыԥшь" аҟәаратә ҵаргәа ааха анаҭеит. Аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аԥсныеихамҩа" анџьныр хада Леонид Ҟәыруа.
"Амҩа еибгоуп. Адәыӷба уахь ицоит, иаангыларатәы аԥхасҭа ыҟаӡам, аха ас еиԥш ахҭысқәа ҟалалоит ҳа ҳҿы имаҷымкәа. Ҭыԥқәак рҿы аихамҩа амшын иахьазааигәаҵәҟьоу ичаԥаны аҭыӡқәа гылоуп, џьара-џьара ашьха аганахьалагьы иҟоуп. Цандрыԥшь аҭыԥ аҿы амшын иҵнаӡәӡәааит, ичаԥаны иҟаз аҭӡы бгеит. Аихамҩа иааҳбаратәы илаҟәит, итәеит. Аҷкәынцәа аргыларатә ҟәшаҟынтә аус адыруларц ргәы иҭоуп. Аамҭала ахаҳә ҭаԥсаны иаанкылоуп аҳәазара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҟәыруа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0