Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу 20 инарзынаԥшуа зыҳәа лзынашьҭуп рашәарамзаахыс

CC0 / / Материнство
Материнство - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу аинститут аԥҵан 2021 шықәса рашәарамзазы. Напхгара алҭоит акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.
АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рыхьчараз Аппарат ахь 20 инарзынаԥшуа зыҳәа нашьҭуп рашәарамзаахыс, урҭ аус рыдаауылоит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ахәыҷтәы омбудсмен Мактина Џьынџьалԥҳа.
Уаанӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа дидикылеит. Џьынџьалԥҳа ахада 2021 шықәса рашәарамза инаркны 2022 шықәса хәажәкырамза аҩнуҵҟала лусура аҳасабырба илҭеит.
Адокумент аҟны иарбоуп зықәра наӡам рзинқәеи закәанла ринтересқәеи рыхьчара иадҳәалоу еиуеиҧшым азҵаарақәа рыла Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу лыхьӡала иҟаз адҵааларақәа рхыҧхьаӡара.

"Аҳәынҭқарра ахада иҳәеит ари азинхьчаратә усбарҭа адгылара шаиҭо инхарҭәааны аусура амҩаҧгаразы, ахәыҷқәа рзинқәеи закәанла ринтересқәеи рыхьчара алыршаразы, иҳәеит адокумент шҭиҵаауа", - ҳәа азгәалҭеит Џьынџьалԥҳа.

Ахәыҷы изинқәа рзы азинмчы змоу омбудсмен лаппарат аусураҟны ҧыжәара зҭатәу ахырхарҭақәа иреиуаны иазгәалҭоит ахәыҷқәа рзин аусхк аҟны азакәанԥҵара агәаҭара, абикәынреи ахылаԥшреи русбарҭақәа рнырра, зхахәара уадаҩу ахәыҷқәа рзы ашәарацҵақәа рышьҭыхра, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара аусхк аҟны арккаратә усура амҩаԥгара, хылаԥшра змам ахәыҷқәа аамҭала раанкыларазы акризистә центр аԥҵара.
Встреча Уполномоченного по правам ребёнка в Республике Абхазия Мактины Джинджолия и Беслана Эшба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Аԥсны
Аус адулоуп Аԥсны абикәынреи ахылаԥшреи рыҟәшазы иаку Аԥҟара апроект
Ажәабжьқәа зегьы
0