Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра гектарк адгьыл ацәаӷәара ахәԥса шьақәнаргылеит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВесенняя посевная в Краснодарском крае
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ааԥынтәи аусурақәа рҽазыҟаҵаразы аилацәажәара мҩаԥысит Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрраҟны.
АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Гектарк адгьыл ацәаӷәара ахә 3 000 мааҭ еиҳахом ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аилацәажәараҿтәи иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҳара иаҳҭахуп ҳанхаҩцәа аҳәынҭқарра шрыдгыло рдыруазарц. Иҟалоит механизаторк еиҳа еиҳаны ахә ықәиргылар, зегьы ҳазрышьклаԥшуам. Аха ҳгәыӷуеит ари азҵаараҿы ақыҭақәа рхадацәагьы ҳацхраап ҳәа", - иҳәеит Џьопуа.
Аминистр иазгәеиҭеит ааԥынтәи ақыҭанхамҩатә усқәа алагамҭазы анхацәа абылтәы-хьшьтәқәа рыхә ацлареи зыда ԥсыхәа ыҟам атауарқәеи рыхә ацлареи ианиоит ҳәа.
Абри азы МТСқәа ирзоужьхоит ақыҭанхамҩа аҿиара иазоужьу аԥарақәа инарыцҵаны, уи алагьы ҵыԥхтәи ахәқәа иреиҳамхартә аҭагылазаашьақәа аԥҵахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0