Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ихәыҷымкәан идухахьада: аԥсуа драматә театр аспектакль "Апринц хәыҷы" ықәнаргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс - показ спектаклю "Маленький принц" в абхазском драмтеатре
Пресс - показ спектаклю Маленький принц в абхазском драмтеатре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2022
Анапаҵаҩра
Афранцыз шәҟәыҩҩы Антуан де Сент-Екзиупери иҩымҭала аспектакль "Апринц хәыҷы" Аԥсуа драматә театр асценаҟны иқәнаргылеит.
Мшаԥымза 14 рзы Самсон Ҷанба ихьӡ зху аԥсуа драматә театр иаҭааит хәыҷгьы-дугьы акультура абзиабаҩцәа. Араҟа раԥхьаӡакәны аԥсуа сценаҟны аԥсышәала иқәдаргылеит аспектакль "Апринц хәыҷы". Аҩымҭа аԥсшәахь еиҭалгахьан Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Нели Ҭарԥҳа.
Аспектакль ақәыргылаҩ –арежиссиор Гәдиса Ҭодуа ҭакԥхықәрала дазнеит уи ахәаԥшцәа рахь ацәыргара. Ааигәа арадио Sputnik аинтервиу аҭо иҳәахьан:

"Аҩымҭа имарианы иануп, аха убысҟак иуадаҩын асценаҿы аарԥшра. Аамҭа рацәа сцәагеит аформа аԥшаара. Аҩымҭа ицәырнаго атемақәа уадаҩуп, убри аҟнытә ирмарианы асценахь инагатәын, ахәыҷқәа еилыркаартә еиԥш, уи ауп хықәкы хаданы исымаз", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭодуа.

Ааԥынтәи ақәа илеиуазгьы, уи иацыз аԥша хьшәашәагьы ахәаԥшцәа ргәалаҟара иаԥырхагамхеит. Зегьы еицырдыруа, бзиа еицырбо аҩымҭа асценаҟны ишԥанагӡахари ҳәа азҿлымҳара аарԥшны, ҭынч атеатр аҩналара иазыԥшын.

Астероид Б-612

Асценахь даацәырҵуеит зықәрахь инеихьоу ауаҩы, аха гәаҭала ихәыҷу, ахәыҷра амаӡақәа раартра иашьҭоу аҭаҳмада. Аҳаираплан амҵәыжәҩақәа ааирҵәиуеит, уи акәхеит днанагоит ахаан иимбац апланетақәа рдунеи ахь. Адәцәҳәыра Сахара дықәнагалоит, уаҟа диԥылоит апланета астероид Б-612 иқәынхо "Апринц хәыҷы".
Планетак аҟынтәы даҽа планетак иаҭаауа, адунеи иакәшо аҷкәын хәыҷы игәырԥшаагоу иҭоурых, уаҟа иныҟәареи, уи дзықәшәаз ахҭысқәеи ртәы еилырганы, ахәаԥшҩы еиликаартә еиԥш изнагоуп. Згәаҿы ихәыҷны инхаз ауаҩы илшоит гәыкала аҵәыуара, гәыкала агәырӷьара, игәыԥшқара дахьчоит.
Пресс - показ спектаклю Маленький принц в абхазском драмтеатре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Аԥсны
"Апринц хәыҷы" аԥсуа сценаҟны
Ахәаԥшҩы игәаҵанӡа инеиуа ари аспектакль иузаанартуеит ԥсра зқәым аԥсҭазаара амаӡақәа, уи аилкааразы есыҽны ҿыц угәалашәарахь уархынҳәлоит, иагьџьаушьоит, шаҟа диашаз уи "Апринц хәыҷы". Изныкымкәан иҳәахьан: "ихадароу блала иузбом" ҳәа. Аҩымҭа афилософиатә ҵакы ӷәӷәа аныԥшуеит, акыр уархәыцуеит.
Актиорцәа рыхәмарра уамҽханакуан, асценаҟны ицәыргаз адекорациақәа ракәзар, уамашәа иубаратәы еиҿкаан. Ихадоу ароль наигӡон аспектакль ақәыргылаҩ-арежиссиор Гәдиса Ҭодуа, уи ибзиабаҩ "Агәил" ароль налыгӡон Есма Кәыҵниаԥҳа, аԥырҩы ироль хада наигӡон Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лаврик Ахба.

"Апринц хәыҷы" имҩа иациҵеит

Аспектакль хыркәшо, асценахь ицәырҵит актиорцәа, азал иҩныҩуан абжьы: "Дарбанзаалак "Апринц хәыҷы" ипланета иаҭаауа идыруазароуп, хымԥада дышидыкыло, уи ишимоу ҳәаа змам абзиабаратә цәанырра". Дцеит "Апринц хәыҷы" ипланетахь, ахәаԥшцәа ацәанырра ԥхеи агәалашәара ҟәанда зцу рхәыҷратә шықәсқәеи рзааныжьны.

Зегьы зылзыршаз актиорцәа

"Апринц хәыҷы" ибзиабаҩ "Агәил" ароль ала еилукаауан аԥсҭазаара зыда ихәарҭам, ҿиашьеи, еизҳашьеи змам абзиабара, уи аҿаԥхьа ауаҩы иуалԥшьа, иҭахԥхықәра, аиҩызара цқьа - урҭ аҟазшьақәа зегь рыхьчара шаҭаху, ишхымԥадатәиу. Уи ароль анагӡаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа аспектакль ашьҭахь лцәаныррақәа ҳацеиҩшо илҳәеит, актиор изыҳәаны ихымԥадатәиу акы акәны ишҟыоу ахәаԥшцәеи дареи реимадара.
аспектакль Апринц хәыҷы апресс-рбара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Аԥсны
Ахәыҷра аамҭахь ҳхьазырԥшуа: аспектакль "Апринц хәыҷы" апресс-рбара мҩаԥысит
"Хаҭала сара сыгәҭакы наӡеит ҳәа сҳәарц сылшоит, избанзар ахәаԥшцәа рцәаныррақәа сныруан, хәыҷгьы дугьы ргәаҵанӡа ишнеиз еилыскааит, урҭ рыбла санхыԥшыла", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Аԥырҩы ироль анагӡаҩ Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Лаврик Ахба ироль дазааҭгыло иҳәеит, шаҟа асценахь дцәырҵуа аҟара, еиҳагьы аҭакԥхықәра иднаҵоит изанааҭ.
"Акыршықәса ҵуеит атеатр амаҵ азызуижьҭеи, аха ус шакәугьы зегьы акоуп, гәаныла џьара шәарак уныруеит асцена уанаақәло, уи змааноу, уроль ииашаны ахәаԥшцәа еилыркааратә еиԥш анагӡара иуднаҵо аҭакԥхықәра ауп. "Апринц хәыҷы" ахәыҷтәы шлакәугьы, ҳҽазаҳшәеит адуцәа ргәаҵанӡагьы инеиртә еиԥш, иҳалшазар, еиҳау ҳамҭоуп актиор изы", - иҳәеит иара.
Ҭодуа ақәыргыламҭа Апринц хәыҷы азы: ҭаацәала узҭааша спектакльхоит  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Арадио
Ҭодуа ақәыргыламҭа "Апринц хәыҷы" азы: ҭаацәала узҭааша спектакльхоит

Ахәаԥшцәа рылкаақәа

Ахәаԥшцәа рыбжьара иҟан зынӡа зықәра маҷӡаз ахәыҷқәа реиԥш, зықәрахь инеихьаз абыргцәагьы.
Екатерина Федотова мчыбжьык аахыс Гагра лыԥсы лшьоит. Аспектакль "Апринц хәыҷы" ықәыргылахоит ҳәа алаҳәара анылба, атеатр даҭааит. Лажәақәа рыла, атеатр дхәыҷаахыс дазааигәоуп, лҭаацәа атеатр иадҳәалан, урҭ ирыбзоураны ларгьы агәбылра шьҭылкааит:
"Уамашәа сызбо ыҟазаргьы ҟалап, сықәра акыр инеихьеит, арахь ахәыҷтәы лакә аспектакль ахәаԥшра сааит, аха агәы ажәӡом, аамҭаказы схәыҷра ашҭа сынҭаԥшыр цәгьа исымбо сааҟаалеит. Бзиа избоит атеатр, сҭаацәа рыбзоурала акультура ахә ҳаракны исшьоит", - лҳәеит лара.

Арежиссиор-ақәыргылаҩ игәахәтәы наӡеит

Аспекталкь "Апринц хәыҷ" ақәыргылара зыбзоурахаз арежиссиор-ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа иажәақәа рыла, иҩызцәеи иеиҳабацәеи рыцхыраарала ирылшеит ргәахәтәы анагӡара.
"Инаҳагӡеит акраамҭа ҳҽаззаҳшәоз аспектакль аԥхьарбара. Агәахәара ду снаҭеит хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа ахьаҳҭааз, урҭ ацәанырра ԥхеи агәалаҟара бзиеи рзаԥҵара ҳалшазар, баша ҳмааԥсеит ауп", - иҳәеит иара.
Аԥсуа драматә театр аспектакль ҿыц "Апринц хәыҷы" дырбахоит мшаԥы 15 асааҭ 19:00 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0