Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарҷиа афымцалашара ахә ашьҭыхразы: агәаҭагақәа рыда ҵак амаӡам

Кәарҷиа афымцалашара ахә ашьҭыхразы: агәаҭагақәа рыда, ҵак амаӡам
Анапаҵаҩра
Афымцалашара ахә иацлоит ԥхынгәы 1 инаркны. Атариф ҿыц азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Ауаажәларратә палата аусзуҩ Абесалом Кәарҷиа.
Аекономика аминистр Кристина Озган лажәақәа рыла афымцахархәара агәаҭагақәа ззықәгылам ахатәхаҿқәа атариф ҿыц ала 90 копеи ршәароуп киловатт-сааҭк азы, агәаҭагақәа ззықәгылоу –70 копеи киловатт-сааҭк азы. Ишнеи-шнеиуа 2026 шықәсазы атариф ҩ-мааҭк еиҳахоит.
Зынӡа иреиӷьу аамҭа алрымхӡеит ахә ашьҭыхразы ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа аиҿцәажәараҿы.
"Ауаа зегьы рҭагылазаашьа еиԥшым, зегьы еиҟараны ҳрызнеир ииашахаӡом. Сара анаплакы сымоуп, иснымԥшыр ҟалоит ахә иацырҵо, аха ақыҭаҿы инхо ирныԥшуеит, урҭ ирызхәыцтәуп. Иҟоуп акатегориақәа ихьчатәу. Ақыҭаҿы сара ахә шьҭысхӡомызт, ақалақь аҿы, асасааирҭақәа рҿы ахә шьҭысхуан, абасала уазхәыцны узызнеиша усуп ари", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.
Зегь раԥхьа иҟаҵатәыз - агәаҭагақәа рықәыргылара акәын, нас ауп ахә ианацҵатәыз ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Кәарҷиа.
"Алашара шцо, шаҟа ҭыҵуа, иахьцо, ибжьаӡуа иахәаԥштәуп. Агәаҭагақәа зегьы ықәыргыланы ианыҟарҵалак, нас ахә шьҭырхыр ауеит, уаанӡа ишьҭырхуа акымзарак акгьы амаӡам, ҵак амаӡам. Иҟоуп аԥхьа иҟауҵаша аус, нас иҟауҵаша", - ҳәа иҳәеит анаплакҩы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0