Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Гәниеи Аҩӡԥҳаи COVID аиқәтәареи уи иаҳнарҵази иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Гәниеи Аҩӡԥҳаи COVID аиқәтәареи, уи иаҳнарҵази иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниеи абри ахәшәтәырҭаҿы ацхыраара зауз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳаи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит COVID иаҳнарҵаз атәы.
Аԥсны хәажәкырамза аахыс аҿкчымазара аиқәтәара иаҿуп ҳәа азгәаҭоуп. Уахыки-ҽнаки арбагақәа акыр еиҵахеит. Уи иабзоураны араионтә хәшәтәырҭақәа рҟны аковид ҟәшақәа аркхоит, Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аус шауц иаулоит.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультура аҵараиурҭа аиҳабы Сира Аҩӡԥҳа аиҿцәажәара хацыркуа еиҭалҳәеит аҿкы чымазара лыхьны ахәшәтәырҭахь дышнанагаз атәы. Лара иазгәалҭеит ахәшәтәырҭаҿы еиҿкааз аусура маншәала иабзоураны рыԥсҭазааразы ашәара шрымамыз.
"Аҭаҳәа бзиа, рҳәоу еиқәшәаны ишыҟоу еиԥш, инеибеиԥшны зегьы аус руан", - ҳәа азгәалҭеит Аҩӡԥҳа.
Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Гәниа иҳәеит аҵыхәтәантәи ачымазаҩ дыхәшәтәны даҽа хәшәтәырҭак ахь дшыиаргаз, уи ашьҭахь ахыбра аркхоит арыцқьаразы, анаҩс иаартхоит аҽкы чымазарақәа рҟынтә, уаанӡа ишыҟаз еиԥш ахәшәтәырҭа ҳәа азгәеиҭеит Гәниа.
Аҳақьым иҳәеит уажәы ахәшәтәырҭа аусзуҩцәа ишьҭаз ачымазаҩцәа рҭоурых аус адулара ишаҿу, ироуз аԥышәа атәы далацәажәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0