https://sputnik-abkhazia.info/20220415/volkov-iteatr-agastrol-dua-asny-laara-2-rzy-irylagoit-1038663059.html
Волков итеатр "Агастроль дуқәа" Аԥсны лаҵара 2 рзы ирылагоит
Волков итеатр "Агастроль дуқәа" Аԥсны лаҵара 2 рзы ирылагоит
Sputnik Аҧсны
Агастрольқәа еиҿнакааит РОСКОНЦЕРТ Урыстәыла акультура аминистрра агастроль-концерттә уснагӡа инақәыршәаны. 15.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-15T09:46+0300
2022-04-15T09:46+0300
2022-04-15T09:46+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/01/1033136927_0:161:3071:1888_1920x0_80_0_0_bb5d2f6357fe5e717e514447f7a96672.jpg
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Фиодор Волков ихьӡ зху Аурыс драматә театр лаҵарамза 2-5 рзы Аԥсныҟа аспектакльқәа ԥшьба аанагоит ҳәа аанацҳауеит РУСДРАМ апресс-маҵзура.Аспектакльқәа ирылахәуп атруппа иналукааша артистцәа, акинои асериалқәеи рҿгьы ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьоу."Урыстәылазегьтәи агастроль-концерттә уснагӡа акрызҵазкуа, азҿлымҳара змоу проектны иҟоуп ҳаамҭазтәи акультураҿы. Ауснагӡа агеографиа иаҵанакуеит атеатрқәа, амилалҭтә коллективқәа рықәгылара", - ҳәа лҳәеит Акультура аминистр Ольга Лиубимова.Аспектакльқәа мҩаԥысуеит лаҵара 2 - 5 рзы:Аспектакльқәа ԥсшьарада сааҭки бжаки имҩаԥысуеит. Рызегьы асааҭ 19:00 рзы иалагоит.Актиор, арежиссиор Фиодор Волков ихьӡ зху атеатр – Урыстәыла апрофессионалтә театрқәа реиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Ишьаҭаркын 1750 шықәсазы, Иарославль.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/09/01/1033136927_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_ac744ff6bcac90f5da902b488f450440.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
Волков итеатр "Агастроль дуқәа" Аԥсны лаҵара 2 рзы ирылагоит
Агастрольқәа еиҿнакааит РОСКОНЦЕРТ Урыстәыла акультура аминистрра агастроль-концерттә уснагӡа инақәыршәаны.
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Фиодор Волков ихьӡ зху Аурыс драматә театр лаҵарамза 2-5 рзы Аԥсныҟа аспектакльқәа ԥшьба аанагоит ҳәа аанацҳауеит РУСДРАМ апресс-маҵзура.
"Агастроль дуқәа" аҳәаанырцәтәи рхырхарҭала РУСДРАМ асценаҿ иддырбараны иҟоуп аспектакльқәа: "Ахәар ҟаԥшь" ( "Калина красная") Васили Шукшин, "Иззыԥшу ахҭыс" ("Предстоящее событие") Игор Глинков, "Ельза лыдгьыл" ("Земля Эльзы") Иарослав Пулинович, "Некрасов инаиркны Некрасов иҟынӡа" ("От Некрасова до Некрасова") Олег Грисевич.
Аспектакльқәа ирылахәуп атруппа иналукааша артистцәа, акинои асериалқәеи рҿгьы ахәаԥшцәа бзиа еицырбахьоу.
"Урыстәылазегьтәи агастроль-концерттә уснагӡа акрызҵазкуа, азҿлымҳара змоу проектны иҟоуп ҳаамҭазтәи акультураҿы. Ауснагӡа агеографиа иаҵанакуеит атеатрқәа, амилалҭтә коллективқәа рықәгылара", - ҳәа лҳәеит Акультура аминистр Ольга Лиубимова.
Аспектакльқәа мҩаԥысуеит лаҵара 2 - 5 рзы:
Лаҵара 2 - "Ахәар ҟаԥшь" ( "Калина красная") В. Шукшин,
Лаҵара 3 - акомедиа "Иззыԥшу ахҭыс" ("Предстоящее событие"),
Лаҵара 4 - амелодрама "Ельза лыдгьыл" ("Земля Эльзы"),
Лаҵара 5 - фолк-рок миузикл "Некрасов".
Аспектакльқәа ԥсшьарада сааҭки бжаки имҩаԥысуеит. Рызегьы асааҭ 19:00 рзы иалагоит.
Актиор, арежиссиор Фиодор Волков ихьӡ зху атеатр – Урыстәыла апрофессионалтә театрқәа реиҳа зхыҵуа иреиуоуп. Ишьаҭаркын 1750 шықәсазы, Иарославль.