Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла Ахьыԥшымра амш рыдырныҳәалеит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 17 Шьамтәылатәи Арабтә Республиказы акрызҵазкуа рыцхәуп - ари аҽны 1946 шықәса рзы аҵыхәтәантәи афранцыз солдаҭ атәыла далҵны дцеит, усҟан иара официалла ахьыԥшымра рыланаҳәеит.
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны Адәyыҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәыла Адәyыҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу рџьынџьуааи рминистррахь инанашьҭит рҳәынҭқарра Ахьыԥшымра амшныҳәа аҳаҭыраз адныҳәаларатә шәҟәы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
"Иахьа, Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахьыԥшымра 76 шықәса ахыҵра амш аҽны шьамтәылаа мшаҽнеиԥш ишыҟац иҟоуп - Рыԥсадгьыл ахьчара иацәхьаҵуам, жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылараҟны хьаҳәхьачара аадырԥшуам", - ҳәа ануп адокумент.
Иара убас Аԥсны ААР Шьамтәыла ажәлар ирзеиӷьаршьеит Шьамтәылатәи ареспублика зегь аҿы аҭынчра шьақәгыларц.
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.10.2020
Дамаск Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аадыртит
Аԥсни Шьамтәылеи дара-дара рхьыԥшымрақәа шазхарҵои адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵои азы аҳәамҭа ҟарҵеит лаҵара 25 2018 шықәса рзы.
2020 шықәса ԥхынгәымза анҵәамҭазы Шьамтәыла иҟоу Аҷыдалкаатәи Азинмчнагӡа змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәыла ахада Башар аль-Асад ииҭеит агәраргагатә шәҟәы, 2020 шықәса жьҭаарамзазы Дамаск Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аартын.
Ажәабжьқәа зегьы
0