Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Лыхнытәи ауахәама иуникалтәу аҭыӡсахьақәа рҭоурых

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит Лыхнытәи ауахәама иуникалтәу аҭыӡсахьақәа рҭоурых
Анапаҵаҩра
Зеиԥш уԥыхьамшәо Лыхнытәи аҭыӡсахьақәа ирызку, азҿлымҳара зуҭаша афактқәа дырзааҭгылеит аефир аҟны Sputnik акоррсепондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Иуникалтәу Лыхнытәи аҭыӡсахьақәа хыԥхьаӡара рацәала аҭоурыхҭҵааҩцәа рылаԥш иҵашәахьеит. Аханатә Лыхнытәи ауахәамаҟны аҭыӡқәа зегьы асахьақәа ихырҩахьан, аха аамҭа иара атәы ҟанаҵоит. Иахьазы еиқәханы иҟоу рацәам. Убас шакәугьы, еиҳа аҭыӡсахьақәа ахьаанхаз уахәамоуп Лыхнытәи. Ари азҵаара ҭызҵаауаз ажурналист Сариа Кәарцхьиаԥҳа аинтерес зҵоу афактқәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Анана Мариа лылацәеиқәԥсара ахьӡала иргылоу Лыхнытәи ақьырсиан ныҳәарҭаҟны еиқәханы иҟоуп быжьшәы шықәса иреиҵамкәа ақәра змоу аҭыӡсахьақәа. Идырым аҟаза ажәиԥшьтәи ашәышықәса алагамҭазы Ажәытә Уасиаҭ ахь иаҵанакуа Хыҩраӡәк асахьа аниҵеит хышә шықәса уи аԥхьа иргылаз аныҳәарҭа аҭыӡқәа рҟны. Ари аҭыӡсахьа 50 шықәса еиҳаны иахыҵуеит Феофан Грек иусумҭа, убасгьы шәышықәса инацны еиҳауп Андреи Рублиов иҭыӡсахьақәа. Лыхнытәи аҭыӡсахьа аҟазара адунеи аҟны уамак иӡыргам.
Лыхнытәи ауахәама аҭыӡқәа рҟны иаарԥшу аҿыханҵа - хәы змаӡам беиароуп Аԥсны азы. Иахьа иара гәыгәҭыжьуп, ареставрациа акәзар, аԥара рацәа аҭахуп, уи излымшо усуп макьаназы. Иҟоу шыҟоу аиқәырхара ҟалоит аконсервациа азузар.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.
Ажәабжьқәа зегьы
0