Аҵәахбанк: абанктә хсаалагақәа рыла аӷьычрақәа ирыцлеит

© Sputnik / Мария ДевахинаКлиент Сбербанка вносит наличные деньги в банкомат
Клиент Сбербанка вносит наличные деньги в банкомат - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Абанк адыррақәа рыла, аӷьычцәа 2021 шықәсазы абанкқәа рыклиентцәа ирцәырӷьычит 13,5 миллиард мааҭ, 2020 шықәсазы – 9,7 миллиард мааҭ.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. 2021 шықәсазы абанктә хсаалагақәа рыла аӷьычрақәа ирыцлеит, аҭоурыхтә максимум иахысит. Аҵәахбанк мацараҿы иаԥырҟәҟәаан 112 миллиард мааҭ аӷьычра ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Аҵәахбанк анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Станислав Кузнецов.

Аҵәахбанк мацараҿы 2021 шықәсазы иаԥырҟәҟәаан 112 миллиард мааҭ аӷьычратә операциақәа.

Кузнецов иҳәеит абанк асистемақәа шыхьчоу еиуеиԥшым ҩаӡарала.
"Аӷьычцәа уи рдыруеит, уи азы ажәылара мҩаԥыргоит ауаа рганахьала. Ауаҩытәыҩсатә фактор еснагь еиҳа иуашәшәыроуп. 2021 шықәсазы атәылаҿ афрод ахышәаҵышәа аҭоурыхтә максимум иахысит: Аҵәахбанк мацараҿы иаԥырҟәҟәаан 112 миллиард мааҭ аӷьычратә операциақәа", - иҳәеит Кузнецов.
Иара иҳәеит 99% аӷьычратә операциақәа онлаин арежим ала ишаԥырҟәҟәаау.
Сбербанк начинает с 3 ноября выдавать платежные карты Мир. - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны
Амилаҭтә банк абжьгара ҟанаҵеит ахсаалагақәа "Мир" Аԥсны ахархәараз
Убри аан абанк антифрод-система амобилтә еимадарақәа роператорцәа онлаин ҳасабла ирныруеит. Уи иалнаршоит аклиент аоперациа анымҩаԥиго аамҭазы имцны аҭел иасуа иамысуа аилкаара.
Кузнецов иҳәеит Аҵәахбанк ишаԥнарҟәҟәааз украинатәи ацҵақәа раԥҵаҩы урыстәылатәи аԥарахсаалагақәа рганахьала имҩаԥигоз зымҽхак ҭбааз ажәылара. Уи мышкала аклиентцәа рбаза зегь аԥарахыхра иҽазишәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0