Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афон ҿыц имҩаԥысит адомино азы ареспубликатә турнир

© Sputnik / Томас ТхайцукИгра в домино
Игра в домино - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Анапаҵаҩра
Ауснагӡатә мҩаԥган адомино азы Аԥсны Афедерациа раԥхьатәи ахада Артур Габуниа игәалашәаразы.
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Афон ҿыц имҩаԥысит адомино азы иаарту ареспубликатә турнир ҳәа аанацҳауеит аҿари аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭеилакы.

Аицлабрақәа ирылахәын Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи 30-ҩык аспортсменцәа.

Атурнир аҟны даиааит Алмас Габуниа, "араӡны" игеит Борис Борзов, ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит Светлана Зубахина.
Аспортсменцәа иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа, амедалқәа, ахраҿақәа. Алмас Габуниа атурнир еиҭаҵуа ахраҿа ианашьан.
Адомино – Аԥсны бзиа еицырбо спортхкуп, аԥснытәи ахәмарыҩцәа изныкымкәа адунеитә чемпионатқәа ирылахәны аиааирақәа ргахьеит. 2011 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥган адунеитә ԥхьагыларазы аицлабра.
Ажәабжьқәа зегьы
0