Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Никита Симониан аԥснытәи ашьапылампыл аветеранцәа дырԥылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Встреча Никиты Симоняна с ветеранами футбола
Встреча Никиты Симоняна с ветеранами футбола  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2022
Анапаҵаҩра
Никита Симониан ишьапылампылтә кариера далагеит аҟәатәи аклуб "Динамо" аҿы. Иара ахьӡала дықәгылон 1945 - 1946 шықәсқәа рзы.
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еицырдыруа ашьапылампыласҩы Никита Симониан аԥснытәи ашьапылампыл аветеранцәеи аҿари дырԥылеит.
Аиԥылара мҩаԥысит мшаԥы 19 азы астадион "Динамо" аҟны.
Астадион аҿы аиԥылараан Никита Симониан инапаҿы идыркит аԥсуа ҟәыӷара асимвол ҳәа иршьо алабашьа, аҟаза Руслан Аршаниа инапкымҭа. Алабашьа аҟаҵаар хымз инарзынаԥшуа аамаҭа агеит, ахҿа аметалл еиқәаҵәа иалхуп араӡны алаҵаны иҟаҵоуп. Анапҭашәарҭа акамбашьтәыҩа иалхуп.
Ареспублика ашьапылампылтә еилазаараҟынтә Никита Симониан ианашьан иинциалқәеи Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа адырга ҷыдеи зну аспорттә цәамаҭәа. Аспорти аҿари русқәа рзы Аилак ахантәаҩы Џьемал Гәбаз Симониан ҳамҭас ииҭеит араӡны ԥараҿырп "АҞӘА".
© Sputnik / Томас Тхайцук

Никита Симониани аԥснытәи ашьапылампыл аветеранцәеи реиԥылара

Никита Симониани аԥснытәи ашьапылампыл аветеранцәеи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
1/6

2/6

3/6

4/6

5/6

6/6

"Ҳара иаҳгәадуроуп асеиԥш иҟоу ацџьынџьуаҩ дахьҳамоу. Ҳалаҽхәоит шәшьапылампылтә кариера Аԥсны иахьхацшәыркыз. Ҳаигәырӷьоит иахьатәи ҳаиԥылара", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба.
Аклуб "Динамо" ахада Асҭамыр Адлеиба еицырдыруа аспортсмен акоманда алахәылацәа қәыԥшцәа дыдирдырит.
"Ари легендартә шьапылампыласҩуп. Аҟәатәи "Динамо" аҿы 1945 - 1946 шықәсқәа рзы дыхәмаруан. Ахәмарра далагеит ахәыҷтәы команда "Динамо" аҟны. Асовет Еидгыла ԥшьынтә ачемпионс дыҟан, хынтә СССР Ахраҿа ианашьан, олимпиатә чемпионын, москватәи "Спартак" азыҟаҵаҩыс иҟазаараан СССР ҩынтә дачемпионхахьан, ԥшьынтә Ахраҿа игахьан", - иҳәеит иара.
Никита Симониан - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2019
Путин Никита Симониан Урыстәыла абаҩрҵәыра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ ҳәа ахьӡ ихиҵеит
"Динамо" ахада Симониан ҳамҭас ииҭеит аҟәатәи акоманда ацәашәҵатәы № 9. Симониан ианиаамҭаз абри аномер ала дықәгылон.
"Сара сзы игәахәара дууп аномер 9. Ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәа, бзиа ижәбала ашьапылампыл. Усҟан иаргьы аҭакс шәара ишәнаалоит", - иҳәеит Никита Симониан.
Ашьапылампыл абзиабаҩцәа рзы Никита Симониан ихьӡ москватәи "Спартак" иадҳәалоуп. Ари аклуб аҿы иара жәашықәса дықәгылон, анаҩс зыҟаҵаҩыс дыҟан. "Спартак" далахәны Никита Симониан ф-чемпионатк рҿы даиааиит СССР Ахраҿақәа хәба игеит, акомандаҿ иреиӷьу ажәылаҩ ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Амба иҭаиршәит 160 мпыл.
Никита Симониан ишьапылампылтә кариера далагеит аҟәатәи аклуб "Динамо" аҿы. Иара ахьӡала дықәгылон 1945 - 1946 шықәсқәа рзы. Москватәи "Крылья Советов" иҟыбаҩ ахә шьаны иара аилазаарахь днанаԥхьеит, 1946 шықәсазы "Крылышки" аҿы дыхәмаруан, нас "Спартак" ахь диасит.
Симониан иара убасгьы ақәҿиара дуқәа ааирԥшит "Спартак" азыҟаҵаҩ хада иҳасаб ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0