Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

АҶА аиҳабы Донбассҟа амҩа дықәлеит аԥсуа еибашьцәа рзы агуманитартә цхыраара иманы

© Foto / facebook / МЧС АбхазииКолонна МЧС с беженцами из Донбасса
Колонна МЧС с беженцами из Донбасса - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина адемилитаризациа амҩаԥыргаразы арратә аоперациа ҷыда ицо Аԥсны адгылара анаҭеит , Донбассҟа агуманитартә цхыраара рышьҭит, Аҟәа Дрнецки Лугански ареспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдыркылеит.
АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа зхадараҿы дыҟоу Донбассҟа амҩа иқәлеит хатәгәаԥхарала еибашьуа аԥсуаа рзы агуманитартә цхыраара рыманы. Абри атәы аанацҳауеит аиқәырхаратә усбарҭа асаит.
Сынтәатәи ашықәс ҳҭалижьҭеи хәынтәуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала аиқәырхаҩцәа амҩа иқәлоижьҭеи.
Донбасс иқәынхо ажәлар зыхьчо аԥсуа еибашьцәа рзын амҩа иқәыргалеит 10 тоннак агуманитартә еидара. Зегь раԥхьа инаргыланы уа иҟоуп афатә, аӡыржәтә, амаҭәа, ацәарҭамаҭәа уҳәа зыда ԥсыхәа ыҟам.
"Агуманитартә еидара еиқәыршәоуп аибашьцәа зегь раԥхьа инаргылан ирҭаху ихымԥадатәиу рыла", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.
Агуманитартә еидара еиҿкаауп аҳәынҭбиуџьети Аԥсны ауааԥсыра рхатә харџьқәеи рыла.
Колонна МЧС Абхазии с гуманитарным грузом - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Аԥсны
Аԥсны АҶА ДЖәР ахь 20 тонна агуманитартә цхыраара рышьҭуеит
Ажәабжьқәа зегьы
0