Акриптобиржа Binance урыстәылатәи ахархәаҩцәа рзы аԥкрақәа аланагалеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСувенирная монета криптовалюты биткойн.
Сувенирная монета криптовалюты биткойн. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы еиҳау ҳәа ишьоу блокчеин-екосистемеи акриптовалиутатә инфраструктура алазырҵәо аилазаара Binance аԥкрақәа аланагалеит ЕЕ Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа инарыдҳәаланы.
АҞӘА, мшаԥы 21 – Sputnik. Акриптобиржа Binance Урыстәылатәи ахархәаҩцәа рзы аԥкрақәа аланагалеит, 10 000 евро акриптоактивтә баланс змоу ирыҭоуп алшара аԥарақәа ралгара заҵәык ҳәа аҳәоит Binance асаит.
Аԥкрақәа алагалоуп раамҭа азгәамҭакәа, ардырра ҿыц ҟалаанӡа.

"Акриптобиржа Урыстәыла атәылауааи ахатәхаҿқәеи ма Урыстәыла иҭаҩу аиурист хаҿқәеи рыԥхьаӡамҭақәа рахь 10 000 евро еиҳаны алагалара ԥнакит, апозициа ҿыцқәа раартра азин ҟанаҵом, арҭ ахаҿқәа иарбанзаалак реилаӡарақәа 90 мшы рыҩнуҵҟа иадыркыроуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ари акатегориа иаҵанакуа аккаунтқәа рхархәаҩцәа аԥара алагалареи ахәаахәҭреи рзы иԥкуп. Алимит иаҵанакуеит аспоттә, афиучерстә, адепозиттә ԥараҭрақәа иара убасгьы Binance Staking, Binance Earn раалыҵқәа рҿы рактивқәа ԥкуп.
Аҳәаанырцә инхо урыстәылаа рыԥхьаӡамҭақәа рыхәԥса иаҿмырԥшкәа ишактиву иаанхоит.
Адунеи аҿы еиҳау ҳәа ишьоу блокчеин-екосистема, акриптовалиутатә инфраструктура амаҵзураҭаҩ Binance аԥкрақәа аланагалеит ЕЕ Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа инарыдҳәаланы. Убри аан Binance аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла ишықәымҵуа азы, аха асанкциақәа ишрыдгылоу – уи жәларбжьаратәи аилазаара иаҭахны ирыԥхьаӡозар.
Ажәабжьқәа зегьы
0