Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Раида" гәырӷьароуп: афольклор-вокалтә ансамбльқәа рреспубликатә фестиваль мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Фестиваль Раида в филармонии
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
Афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль иалкаау аконцерт "Раида" иалахәын аԥснытәи аинструменталтә ансамбльқәа жәаба.
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. XII Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль иалкаау аконцерт "Раида" мҩаԥысит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҟны мшаԥы 20 рзы.
Афестиваль анапхгаҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа афестиваль ҿыцрақәас иалагалоу атәы дазааҭгыло, Sputnik аинтервиу аҭо иҳәахьан сынтәа афестиваль ишалахәхо аколлективқәа жәба, убас аиҿкааҩцәа афольклортә ашәақәа реиԥш автортә ашәақәагьы шаларгалаз атәы.
© Sputnik / Томас Тхайцук XII-тәи Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль иалкаау аконцерт "Раида" мҩаԥысит
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
XII-тәи Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль иалкаау аконцерт "Раида" мҩаԥысит
"Автортә ашәақәагьы алаҳгалеит. Жәлар рстиль иатәу автортә ашәақәагьы аҿиара рымазароуп, избанзар ари аҭыԥ заҵәык ауп афольклортә коллективқәа рхы цәырыргартә иахьҟоу", – иҳәеит Нури Кәарҷиа.
© Sputnik / Томас Тхайцук Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз"
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз"
Афестиваль аанартит Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз". Урҭ анықәгылоз аамҭазы афилармониаҿы афымцалашара дырцәеит, аха ашәаҳәаҩцәа еиҵамхакәа, рашәа иацырҵеит, ахәаԥшцәагьы урҭ рышьҭыбжь рҽақәыршәаны рнапы еинырҟьо иалагеит.
Ахәаԥшҩы Мадина Сақаниаԥҳа лаҳәшьа длыцны дааит аконцерт ахь, лара лажәақәа рыла, аԥсуа жәлар рҵас-рқьабз еиқәхоит, урҭ ԥсра-ӡра рықәӡам жәлар рмузыкатә рҳәагақәа рыбжьы гонаҵы.
"Ас еиԥш афестивальқәа реиҿкаара иҳарҭоит агәыӷра ахааназгьы ҳаԥсуа милаҭтә культура еихсыӷьра шақәым. Агәалаҟара бзиа сзыннажьит афестиваль, даараӡа иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп есышықәса уи иазааԥсо аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа",- лҳәеит лара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз"
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз"
Сааҭк инареиҳаны имҩаԥысуаз аныҳәатә концерт угәы еизнарҳауан, иузцәырнагон иҷыдоу ацәанырра, ажәытә ашәақәа даҽа аамҭак ахь удырхынҳәуан. Азал аҟны итәаз аконцерт аҭааҩцәа ирдыруаз, ираҳахьаз, аԥсуа шәақәа рыцырҳәон.
© Sputnik / Томас Тхайцук Ансамбль "Риҵа" ашәаҳәаҩцәа
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Ансамбль "Риҵа" ашәаҳәаҩцәа
Радима Џьыкырԥҳа Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр далахәылоуп, аха уажәы Гәдоуҭатәи афольклортә ашәаҳәаратә ансамбль "Ахьышьҭра" ааԥхьарала аԥхьарца алырҳәоит. Лара лажәақәа рыла, еснагь гәахәарыла дрызнеиуеит ас еиԥш иҟоу ақәгыларақәа, иазгәалҭеит лыԥсҭазаараҟны акыр шрыҵаркуа жәлар рмузыкатә рҳәагақәа.
"Ари афестиваль аҿар аднаԥхьалоит жәлар рмузыкатә арҳәагақәа, ҳжәытә ашәақәа рышҟа. Раԥхьаӡакәны аԥхьарца асырҳәеит аԥшьбатәи акласс аҟны сантәаз, уи шьҭа сыԥсҭазаара иахәҭакуп, сыԥсеиԥш бзиа избоит", - лҳәеит лара.
© Sputnik / Томас Тхайцук Радима Џьыкырԥҳа Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр аҟны аԥхьарца арҳәаҩы
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Радима Џьыкырԥҳа Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә оркестр аҟны аԥхьарца арҳәаҩы
XII Аԥснытәи афольклор-вокалтә ансамбльқәа Рреспубликатә фестиваль рхы аладырхәит: Гәдоуҭа араион Џьырхәа ақыҭантәи абжьаратә школ аҵаҩцәа рфольклортә-шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз", Гәдоуҭатәи афольклортә ашәаҳәаратә ансамбль "Ахьышьҭра", ақалақь Пицунда ансамбль "Абааҭа", Аҟәатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Ашара", ақалақь Тҟәарчал афольклортә ансамбль "Тҟәарчал", Гәдоуҭатәи афольклортә ансамбль "Гәдоуҭа", Аҟәатәи ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Абаза", Гәдоуҭатәи афольклортә ашәаҳәаратә ансамбль "Риҵа", Очамчыра араионтә ансамбль "Ерцахә", Гагратәи афольклортә шәаҳәаратә ансамбль "Кьараз".
Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.
© Sputnik / Томас Тхайцук Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.
Фестиваль Раида в филармонии - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранаршьеит "Аԥсны афольклортә ҭынха аиқәырхаразы" адипломқәеи аҳамҭақәеи.
Афестиваль хықәкыс иамоуп амилаҭ музыкатә фольклортә ҭынха аиқәырхара, аҿар жәлар рмузыка радԥхьалара, жәлар рҟазара арҿиара.
Ажәабжьқәа зегьы
0