Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Багаҭелиа Риҵатәи аҳәырԥсарра аҭаларазы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхразы: ҳусқәа еиҿнакаауеит

Багаҭелиа Риҵатәи аҳәырԥсарра аҭаларазы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхразы: ҳусқәа еиҿнакаауеит
Анапаҵаҩра
Риҵатәи аҳәырԥсарра аиҳабы Адамыр Багаҭелиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан аҳәырԥсарра аҭаларазы абилеҭқәа рыхә ашьҭыхра аҭахны изиԥхьаӡо.
Ахәқәа рышьҭыхразы ақәҵара здызкыло Аминистрцәа реилазаароуп, уи иамоуп амзызқәа рацәаны ҳәа азгәеиҭеит Багаҭелиа арадиоефир аҿы.
"2014 шықәса раахыс ахә иацымлацызт, хәыҷы-хәыҷла иаҭахын, аха ус еиԥш ыҟамызт, уи ауп иаразнак 100% изышьҭыҵыз", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Риҵатәи аҳәырԥсарра аиҳабы иажәақәа рыла, 700 мааҭ рҟынтә уаанӡа ишыҟаз еиԥш 100 мааҭк Гәдоуҭа араион абиуџьет ахь ишьҭхоит, аҳәынҭқарратә биуџьет ахь ахашәала аҟынтә 18% цоит, убри аан аҳәарԥсарра 500 мааҭ рҟынӡа азаанхап ҳәа агәыӷра ааирԥшит Багаҭелиа.
"Уи ҳусқәа еиҿнакаауеит. Амилаҭтә парк аҿы иҟаҵатәу даара ирацәахеит. Абылтәы ахә шьҭыҵит, аҳәырԥсарра ахылаԥшразы уи маҷ аҭахым. Амҩақәа ҟаҵатәуп. Аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра азҵаарагьы анаҩс иахәаԥшхоит, ишьҭаҳамхыргьы ҟалаӡом", - ҳәа иҳәеит Багаҭелиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0