Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит Абӷархықә амузыкатә рҳәагақәа ркружок аҭоурых

Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит Абӷархықә амузыкатә рҳәагақәа ркружок аҭоурых
Анапаҵаҩра
Абӷархықәтәи абжьаратә школ аҟны еиҿкааны иҟоу аинструменталтәи ашәаҳәаратәи кружок аҭоурых атәы еиҭалҳәеит уи асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Нора Чамагәуаԥҳа.
Гәдоуҭа араион аҟны амилаҭтә амузыкатә рҳәагақәа рыла акружокқәа еиҿкаауп Абӷархықә, Џьырхәа, Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аҟны.
"Аԥсуаа иҳамоу ҳмилаҭтә инструментқәа мыӡырц, ахәыҷқәа иадырҳәо иаҳзыҟаҵар ашкол аҟынтәи, уажәы абжьы дҳарҳауа аҭагылазаашьа ыҟоуп, уи акыр иаԥсоуп. Ҳмилаҭтә музыкатә рҳәагақәа ҭызгаша, иазырҳәаша аԥсуаа ҳхәыҷқәа роуп, даҽа милаҭк уи ҟарҵом", - лҳәеит Чамагәуаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0