Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа: Аахыҵ Кавказ иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа аанкылоуп

© Sputnik / Михаил ВоскресенскийЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской площади в Москве.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.04.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд ҿыц мҩаԥысраны иҟан хәажәкыра 29-30 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 25 – Sputnik. Аахыҵ Кавказ иазку Женеватәи аиҿцәажәарақәа аамҭала иаанкылоуп Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла, Европа Ахеилак Ашәарҭадаразы ахеилак раԥшьгамҭала ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ихьыԥшым амилаҭқәа реидгыла атәылақәа аԥшьбатәи рдепартамент аиҳабы Денис Гончар, РИА Новости аинтервиу анеиҭоз.
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура уажәтәи ала иаанкыланы иҟоуп. Уи ҳара ҳакәӡам изхароу, уажәы уи зыӡбаз хҩык ацхантәаҩцәа роуп (Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла, Европа Ахеилак Ашәарҭадаразы ахеилак), урҭ роуп хәажәкырамзатәи 56-тәи араунд ахызгаз, макьана иахьынӡахыгоугьы еилкаам", - иҳәеит иара.
Мраҭашәаратәи "апартниорцәа" арегион азы зда ыҟам аиҿцәажәаратә формат шасыс иргеит уҳәар ҟалоит, ари зегьы амшала Аахыҵ Кавказ азы ахҟьаԥҟьақәа аиур алшоит иҳәеит адипломат. Иара иажәа иацҵо иҳәеит иҩызаратәым, аполитикатә ҵаҵӷәы азҭо ашьаҿақәа арегион аҿы аҭышәынтәалара иаԥырхагоуп ҳәа.
"Убас ала, аиҿцәажәарақәа раанкылара дара роуп изхароу, уи азы аҭакԥхықәра дара ирыдуп. Иҟоуп алогистикатә уадаҩрақәагьы, Урыстәыла аганахь Евроеидгылеи Швеицариеи (женеватәи аиҿцәажәарақәа здызкыло) иаларгалаз аԥкрақәа рымшала", – ҳәа азгәеиҭеит Гончар.
Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни реизыҟазаашьақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 2008 шықәса раахыс имҩаԥысуеит. Урҭ рыцхантәаҩцәас иҟоуп Еиду амилаҭқәа реиҿкаара, Евроеидгыла, Европа Ахеилак Ашәарҭадаразы ахеилак, Урыстәылеи Еиду Америкатәи аштатқәеи алахәны. Арҭ аиҿцәажәарақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа зыбжьам Урыстәылеи Қырҭтәылеи рдиалог ахьалыршахо аҭыԥқәа иреиуоуп.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы амш аусхәаԥштә алацәажәара мҩаԥысуеит аусутә гәыԥқәа ҩба рҿы - ашәарҭадара азҵаарақәеи агуманитартә зҵаарақәеи рзы. Женеватәи аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны хықәкы хадас иамоуп Қырҭтәыла амч ахы ишанамырхәо азы жәларбжьаратәи ахәдықәҵарақәа шьақәзырӷәӷәо еицырзеиԥшу адокумент адкылара. Аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи рраунд мҩаԥысит 2021 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0