Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Коӷониа Гәылрыԥшь араион аҿы алашара ахә ахшәаара иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Коӷониа Гәылрыԥшь араион аҿы алашара ахә ахшәаара иазкны
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион афымцеихшарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Алхас Коӷониа еиҭеиҳәеит сынтәатәи ашықәс иалагӡаны афымца ахәԥса шаҟа еизыргахьоу, еиҿирԥшит ҵыԥхтәи арбагақәеи дареи.
"2021 шықәсазы ажьырныҳәа-хәажәкыра амзақәа рзы еизган 40%. Сынтәа ҳалагамҭа алҵшәа цәгьаӡам. Ажьырныҳәамзаз еизган 20%, жәабранмзазы 27%, хәажәкыра - 40%. Араион аҿы иҟоуп акассақәа ԥшьба. Имаҷым алашара ахә иацлоит ҳәа заҳаны ауал зқәыз иааны изшәаз", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.
Гәылрыԥшь араион афымцеихшарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ иҳәеит, анаплакқәа рҿы аԥара ахә ахшәааразы иаҳа аҭагылазаашьа бзиоуп, иаҳа ауал ахьыҟоу анхацәа рыбжьароуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Иахьазы ҳабонентцәа рсиақәа арҿыцра аус мҩаԥысуеит. Уи иаҳнарбоит араион аҿы инымхо ауааԥсыра, аха ашәҟәаҿы иҭагалоу ауааԥысра рхыԥхьаӡара. Уи ашьҭахь ҳусура иаҳа еилырганы аҭыԥ иқәлап ҳәа сгәы иаангоит", - ҳәа иҳәеит Коӷониа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0