https://sputnik-abkhazia.info/20220427/ingia-eieieit-alyshbei-chachba-ikh-zo-ainteres-zou-ourykht-faktak-rty--1038833765.html
Инџьгиа еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба ихьӡ зҳәо аинтерес зҵоу ҭоурыхтә фактқәак ртәы
Инџьгиа еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба ихьӡ зҳәо аинтерес зҵоу ҭоурыхтә фактқәак ртәы
Sputnik Аҧсны
Аҭоурахҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба идҳәалоу аҭоурыхтә фактқәак ртәы, иазгәеиҭеит иара ихьӡ иадҳәалоу амаӡақәа... 27.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-27T10:45+0300
2022-04-27T10:45+0300
2022-04-29T14:01+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1b/1038833739_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_ec7e999ec2ac9e717e8d85684b9dfa5d.jpg
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Инџьгиа Қьалышьбеи Чачба ихаҭара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Инџьгиа Қьалышьбеи Чачба ихаҭара иазкны
Аԥсны Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазку еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп."Қьалышьбеи данииз ашықәс ҳәа иаадыруа 1747 роуп. Аҭоурых аҿы иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа уи азҵаарала. Иара идҳәалоу амаӡақәа еиҳа еиҳауп аҭакқәа раасҭа. Зегь раԥхьа иргыланы ҳхы иаҳархәо Асовет аамҭазы иҭыҵыз Чқәан (Чиковани) ииҩыз ауп, уи инаҷыданы Непрошин Александри Тарас Шамбеи еицырҩыз "Шервашиӡе рхылҵшьҭра аҭоурых" ауп. Иара данииз, дахьииз ҳәа иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа, хыҵхырҭақәак ирҳәоит уи Аԥсны диит, деизҳаит ҳәа, егьырҭ - Ҭырқәтәыла Османтәи аимпериа ахаан ҳәа. Иҵегьы аҭҵаара аҭахуп арҭ афактқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа.Аҭоурыхҭҵааҩ иара убасгьы дазааҭгылеит Қьалашьбеи Чачба иҳәаақәа ихьынӡанаӡоз атәы, насгьы Аԥсны аҳра рынхарҭа Лыхнынтә Аҟәаҟа изиеигаз атәы."Қьалашьбеи Аԥснытәи аҳ ҳәоуп ахыҵхырҭақәа рҿы ишарбоу, убри азы Аԥсны ахада ҳәа изаҳҳәар агха ҳахьӡом. Аԥсҳа ҳәа ишьҭан иара. Уи аҳәынҭкарра дахагылаанӡа, Қьалашьбеи иаб Манучар Чачба Аԥсны иахагылаз ррезиденциа ахьыҟаз Лыхны акәын. Аха иара аҳәынҭқарра данахагыла, аҳҭнықалақь Аҟәаҟа ииеигеит. Уи астратегиатә ҵакы аман. Иара иҳәаақәа наӡон иахьатәи Шәача, аублаа рҳәаа аҟынӡа. Уи моу иҟоуп агәаанагарагьы 25 нызқьҩык ар иргылон ҳәа. Мрагылара аганахьала Баҭымынӡа инаӡон ҳәа рҳәоит хыҵхырҭақәак. Иҟан аамҭақәак, Гыртәыла аҳ Григори Дадиани диабашьны Анаклиа инапаҟны ианааигаз, иҷкәынгьы шасыс данигаз. Аҩада иҳәаа ыҟан Кавказтәи ашьха еибаркыра, алада - Амшын еиқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа.Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи иаҳра аамҭазы Аԥсны хәҭа-хәҭала ишаз аидкылара шилиршаз атәы, насгьы иара иҳаҭгәын аҿы археологцәа аҭҵааратә усурақәа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу атәы иҳәеит, аха уи иахьыҟоу аҭыԥ ҳәа амаӡа ааимыртит.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/1b/1038833739_143:0:1280:853_1920x0_80_0_0_68dc1fc2b35556d7335a3dffe9a7bbfe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Инџьгиа еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба ихьӡ зҳәо аинтерес зҵоу ҭоурыхтә фактқәак ртәы
10:45 27.04.2022 (ирҿыцуп: 14:01 29.04.2022) Аҭоурахҭҵааҩ Џьамбул Инџьгиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи Чачба идҳәалоу аҭоурыхтә фактқәак ртәы, иазгәеиҭеит иара ихьӡ иадҳәалоу амаӡақәа шырацәоу, иҭҵаау аиҳа.
Аԥсны Қьалашьбеи Чачба диижьҭеи 275 шықәса аҵра иазку еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп.
"Қьалышьбеи данииз ашықәс ҳәа иаадыруа 1747 роуп. Аҭоурых аҿы иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа уи азҵаарала. Иара идҳәалоу амаӡақәа еиҳа еиҳауп аҭакқәа раасҭа. Зегь раԥхьа иргыланы ҳхы иаҳархәо Асовет аамҭазы иҭыҵыз Чқәан (Чиковани) ииҩыз ауп, уи инаҷыданы Непрошин Александри Тарас Шамбеи еицырҩыз "Шервашиӡе рхылҵшьҭра аҭоурых" ауп. Иара данииз, дахьииз ҳәа иҟоуп еиуеиԥшым агәаанагарақәа, хыҵхырҭақәак ирҳәоит уи Аԥсны диит, деизҳаит ҳәа, егьырҭ - Ҭырқәтәыла Османтәи аимпериа ахаан ҳәа. Иҵегьы аҭҵаара аҭахуп арҭ афактқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ иара убасгьы дазааҭгылеит Қьалашьбеи Чачба иҳәаақәа ихьынӡанаӡоз атәы, насгьы Аԥсны аҳра рынхарҭа Лыхнынтә Аҟәаҟа изиеигаз атәы.
"Қьалашьбеи Аԥснытәи аҳ ҳәоуп ахыҵхырҭақәа рҿы ишарбоу, убри азы Аԥсны ахада ҳәа изаҳҳәар агха ҳахьӡом. Аԥсҳа ҳәа ишьҭан иара. Уи аҳәынҭкарра дахагылаанӡа, Қьалашьбеи иаб Манучар Чачба Аԥсны иахагылаз ррезиденциа ахьыҟаз Лыхны акәын. Аха иара аҳәынҭқарра данахагыла, аҳҭнықалақь Аҟәаҟа ииеигеит. Уи астратегиатә ҵакы аман. Иара иҳәаақәа наӡон иахьатәи Шәача, аублаа рҳәаа аҟынӡа. Уи моу иҟоуп агәаанагарагьы 25 нызқьҩык ар иргылон ҳәа. Мрагылара аганахьала Баҭымынӡа инаӡон ҳәа рҳәоит хыҵхырҭақәак. Иҟан аамҭақәак, Гыртәыла аҳ Григори Дадиани диабашьны Анаклиа инапаҟны ианааигаз, иҷкәынгьы шасыс данигаз. Аҩада иҳәаа ыҟан Кавказтәи ашьха еибаркыра, алада - Амшын еиқәа", - ҳәа азгәеиҭеит Инџьгиа.
Аҭоурыхҭҵааҩ еиҭеиҳәеит Қьалашьбеи иаҳра аамҭазы Аԥсны хәҭа-хәҭала ишаз аидкылара шилиршаз атәы, насгьы иара иҳаҭгәын аҿы археологцәа аҭҵааратә усурақәа мҩаԥыргарц ргәы ишҭоу атәы иҳәеит, аха уи иахьыҟоу аҭыԥ ҳәа амаӡа ааимыртит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.